Print this page
Асабша, 15 Абҵара 2025 15:54

Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ аруаа ҿыц аҭоуба рыдкылара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын

 Ахада Ихаҭыԥуаҩ аруаа ҿыц рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҟны иҳәеит: 

 «Ҳаҭыр зқәу аррамаҵзурауаа!

 Ишәыдысныҳәалоит Шәыԥсадгьыл иашәҭаз иԥшьоу Арратә ҭоуба адкылара.

 Шәара есқьынгьы ижәдыруазароуп шәыԥсҭазаараҿы знык ҭоуба шыжәуа. Аԥсны аруаҩ иаҳаҭыр ҳаракны инажәгалароуп. 

 Иахьа инаркны шәара шәара шәҟазшьа, шәхаҵара аарԥшра шәалагоит. Шәнапхгаҩцәа, шәҭаацәа, шәҩызцәа рыгәрагара шәаԥсахааит.  

Ишәхашәмыршҭлан шәышьҭахьҟа Шәыԥсадгьыл шыҟоу. 

 Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу ари амш!»

 Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ҭоуба зуыз аруаа ҿыц рыҩныҵҟа дыҟан Ахада Ихаҭыԥуаҩ иԥа – Бигәаа Леон.

 
Read 129 times Last modified on Аԥшьаша, 07 Лаҵара 2026 00:02