Print this page
Аԥшьаша, 22 Ажьырныҳәа 2026 21:13

Бигәаа Беслан Џьапуа Баҭал ицәыргақәҵа «Нарҭаа рыҩны» аартра даҭааит

Аԥсны асахьаҭыхҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы, Аԥсны Афырхаҵа Џьапуа Баҭал хаҭалатәи ицәыргақәҵа «Нарҭаа рыҩны» аартра.    

 Аныҳәатә усмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслани. 

 «Шәара ахаангьы шәыжәлар шәырзааигәан. Шәусумҭақәа аҟазаратә аԥҵамҭақәаны иахьыҟоу адагьы, урҭ ҳҭоурых ҳаргәыларгалоит, ҳаздырхәыцуеит. Иааидкыланы шәырҿиара зегьы ауаа еиднакылоит, ҩныҵҟала, доуҳала  ҳарбеиоит, амч ҳарҭоит.

 Шәара иныҟәыжәго ахаҿра зуси зтәылеи бзиа избо ахаҵа изы ҿырԥшыга бзианы иҟоуп. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ари ацәыргақәҵа шьахә азы, ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә қәранҵыра ду, агәамч», —иҳәеит Бигәаа Беслан асахьаҭыхҩы диндныҳәало.

 Аекспозициа «Нарҭаа рыҩны» — автор амилаҭтә епоси Маадан Сақаниа иҳәамҭақәеи инарымаданы асахьаркыратә зхәыцразы шықәсарцәала имҩаԥигоз аусура иалҵшәахеит.   

Ацәыргақәҵаҟны ицәыргоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иаԥҵаз 120 усумҭа инареиҳаны.  

 
Read 126 times Last modified on Ахаша, 06 Лаҵара 2026 23:56