Print this page
Аԥшьаша, 07 Лаҵара 2026 14:32

Ахада Ихаҭыԥуаҩ арратә парад аҽазыҟаҵара даҭааит

Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра иазку арратә парад аҽазыҟаҵара даҭааит. Аусмҩаԥгатә далахәын иара убас Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан.

Ашьаҟауаа рколоннақәа аныҳәатә ҟазшьа змоу реицныҟәара иалахәхоит 700-ҩык инареиҳаны ауаа -- Атәылахьчара аминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҷыдатә ҭагылазаашьақәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара Аминистрра абыжьбатәи еидҵоу арратә база, Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШӘМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа рмаҵзурауаа. Авиациеи арратә техникеи ахархәара рыҭахоит.

Беслан Бигәаа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аиааира ду Амш азгәаҭара ишахәҭоу ала аҽазыҟаҵара иамоу аҵак ду, иагьазгәеиҭеит арратә парад афырхацәа рфырхаҵара ҳаҭыр ду ақәҵара иасимволны ишыҟоу.

Сынтәа аныҳәатә ҟазшьа змоу ар реицныҟәара Лаҵарамза 9 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаԥгахоит.

Read 24 times