Нонна Дорофеева Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа далахәын, сынтәа 102 шықәса лхыҵит. Афронт ахь дцеит дышқәыԥшӡаз,18 шықәса дшырҭагылаз.
Ешба Беслан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала аветеран Аиааира ду амш лыдиныҳәалеит илзеиӷьеишьеит агәабзиареи, ақәранҵыреи, агәамчи. Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩгьы урҭ азеиӷьашьарақәа иҽрылаирхәит.
Аибашьратә фырхаҵареи Аиааира ду аҿы ллагала дуи рзы даара иҭабуп ҳәа лаҳәаны, Нонна Дорофеева иланашьан агәалашәаратә ҳамҭақәа, ашәҭқәа, зныктәи аматериалтә цхыраара.