Print this page
Ахәаша, 15 Лаҵара 2026 17:01

Ахада Ихаҭыԥуаҩ Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара далахәын

Имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара. Аусмҩаԥгатә далахәын аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.

Ахада Ихаҭыԥуаҩ иқәгылараҟны иҳәеит:  

 

 «Ҳаҭыр зқәу Олег Мсас-иԥа!

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Зураб-иԥа Гәынба ихьӡала, атәыла анапхгара зегьы рыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 33 шықәса аҵра амш.

Адәныҟаполитикатә усбарҭа аԥҵан Владислав Арӡынба напхгара ззиуаз Иреиҳаӡоу Асовет аӡбарала ҳҭоурых аҿы еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа ируакыз — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан.

Усҟан атәыла анапхгара еилыркаауан аиааира агара аибашьра адәаҿы еиԥш, адипломатиатә хырхарҭаҿгьы иамаз аҵак ду. 

Убри инаркны аԥсуа дипломатцәа ҳтәыла ишахәҭоу ала хаҭарнакра азыруеит, инеиԥынкыланы уи амилаҭтә интересқәа рыдгыларала, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәарала. 

Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз, аԥсуа дипломатиа азанааҭтә традициақәа шьаҭазыркыз адипломатиатә маҵзура аветеранцәа.

Гәахәароуп иахьа адипломатцәа рабиԥара еиҳабацәа рус иацҵо, аминистрра аусзуҩцәа иахьрывагылаз ззанааҭдырреи, зҭакԥхықәреи, атәыла гәык-ԥсык ала азыҟазаареи еилазыгӡо, аҵара змоу, абаҩхатәра злоу, аԥхьаҟа узықәгәыӷша аҿар.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иадуп аҵак дуӡӡа змоу аҳәынҭқарратә миссиа – Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азхаҵара аӡыргареи арҭбаареи, жәларбжьаратәи аренаҿы ҳтәыла аҳаҭыр арӷәӷәареи.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аҭынчра, шәзанааҭ аҿы ақәҿиара ҿыцқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара ахьӡала аихьӡарақәа».

Read 44 times