Print this page
Аԥшьаша, 25 Рашәара 2026 14:38

Бигәаа Беслан Ақыҭа ашықәс амҩаԥгара инамаданы Аиҿкааратә еилакы аилатәара мҩаԥигеит

▫️ Аиҿкааратә еилакы аусура иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьансыхә Нанба, Вараздат Миносиан, аминистрцәа, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭа хадақәа рнапхгаҩцәа, араионқәа рхадацәа.

 

▫️ Аилатәара аартуа, Бигәаа Беслан иазгәеиҭеит 2026 шықәса Атәыла Ахада ақыҭа иашықәсны ишрылеиҳәаз. Убри инамаданы ақыҭақәа рыдгылареи рыҿиареи иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа   нагӡахоит.

 

 

▫ ️ "Ақыҭа аҿиара ақыҭанхамҩа адгылара мацара акәӡам изыдҳәалоу. Уи иаҵанакуеит  аинфраструктура арҿыцра, аҵареи агәабзиарахьчареи рсистема аиӷьтәра, афымцамчи ауаа рыԥсҭазаашьа ахаҭабзиара ишиашоу анырра азҭо егьырҭ ахырхарҭақәеи рыҿиара азҵаарақәа зегьы ааизакны», — ҳәа азгәеиҭеит Беслан Бигәаа.

▫️ Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә ақыҭанхамҩатә проектқәа рыдгыларазы апрограмма анагӡара шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит, ҳазҭоу ашықәс азы аҳәынҭқарра Ахада иӡбамҭала аԥаразоужьра амҽхак 500 миллион мааҭ рҟынӡа ишынаӡо дазааҭгыланы. Иҳәеит агрантқәеи асубсидиақәеи роуразы азыҳәақәа рыдкылара ишалагахьоу. Аҳәынҭқарратә дгылара рыҭахоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла, аҵиааӡара, арахәааӡара, аԥсыӡааӡара рыҿиара, ақыҭанхамҩатә техника аахәара, иара убас ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адуларазы аарыхратә мчхарақәа раԥҵареи рырҿиареи налаҵаны.

 

▫️ Ақыҭанхамҩа аминистр Перцхелиа Беслан аусбарҭа инанагӡо аусмҩаԥгатәқәа рзы адырра ҟаиҵеит. Иҳәеит ааԥынтәи ақыҭанхамҩатә усурақәа рҽырзыҟаҵараан араионтә машьына-технологиатә станциақәа ргәаҭара шымҩаԥгаз. Иара убас, Аԥыза-министр инапынҵала Аҳәынҭқарратә еилахәыра «Апсныбылтәы» ареспублика араионқәа рҿы ааԥынтәи аусурақәа реиқәыршәаразы 40 тонн адизельтә былтәы азоунажьит.

 

▫️Беслан Перцхелиа иара убасгьы далацәажәеит Аԥсны араионқәа рҿы зпроектқәа назыгӡаз аусбарҭатә программа алахәцәеи иареи анҭыҵтәи реиԥыларақәа ртәы. Аныҟәарақәа раан аҳәынҭқарратә дгылара абзоурала иаԥҵаз, еиҭарҿыцыз аобиектқәа гәарҭеит, агрантқәеи асубсидиақәеи зауа рԥыларақәа мҩаԥган. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит ирыҭоу аԥарақәа рхархәара амҩаԥысшьеи ақыҭанхамҩа аарыхра ԥхьаҟатәи аҿиаразы ихымԥадатәиу ауснагӡатә цҵақәа рызҵаареи.

 

▫️Агәаҭарақәа реихшьалақәа иалдыршеит ааԥынтәи ақыҭанхамҩатә усурақәа разхиара, иара убас аарыхыҩцәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭаразы ауснагӡатәқәа рылҵшәа ахәшьара аҭара.

 

▫️ Ԥерцхьелиа Беслан игәалаиршәеит 2026 шықәса хәажәкырамзазы Атәыла ахада ишышьақәирӷәӷәаз аҳәынҭпрограмма «2026 шықәсазтәи ақыҭанхамҩеи ақыҭатә ҵакырақәеи рыҿиара». Уи ахықәкқәа рыҩныҵҟа иҟоуп аалыҵ аицлабралшара аизырҳара, адгьылқәеи алшарақәеи рхархәара аиӷьтәра, иара убас афермертә нхамҩақәеи ақыҭанхамҩатә наплакреи рыҿиара.

▫️ Апрограмма иара убасгьы ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьра ахышәа-ҵышәа аизырҳара иазырхоуп, акәаци ахши рырахәааӡара аҿиара, ақыҭауаа усурҭала реиқәыршәара алыршара, ақыҭақәа рыҿиара, аус здыруло ақыҭанхамҩатә дгьылқәа рыхәҭаа аизырҳара, ақыҭанхамҩа иҭышәынтәаланы аҿиаразы ахырҳагара аизырҳара.

 

▫️ Иқәыргылоу ахықәкқәа рынагӡаразы иалкаауп анхацәа рынхамҩақәеи егьырҭ аарыхыҩцәеи афинанстә цхыраара рыҭара, ақыҭанхамҩа аминистрра амашьына-технологиатә станциақәа рыҿиара, ақыҭанхамҩатә культурақәа ачымазарақәеи аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷақәеи рцәыхьчара, аалыҵ аус адуларазы амчхарақәа раԥҵара, арахә рхылҵшьҭратә лшара аиӷьтәра, иара убас ақыҭақәа рхадарақәа ақыҭақәа рыҿиаразы рыдгылара реиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа.

Read 20 times Last modified on Аԥшьаша, 25 Рашәара 2026 14:49