Print this page
Асабша, 15 Нанҳәа 2026 13:28

Гәдоуҭа ақалақь аҟны имҩаԥысит хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәара амш иазкыз аусмҩаԥгатә. Ашәҭқәа рышьҭаҵара анаҩс, Р. Дасаниа ихьӡ зху акультура Ахан аҟны имҩаԥган  хатәгәаԥхарала еибашьуаз ауаа рымш азгәаҭара

Уаҟа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала хатәгәаԥхарала аибашьра иалахәыз аветеранцәа рахь ааԥхьара иҟаиҵаз даԥхьеит атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа:

«Акыр иаԥсоу ҳашьцәа! 

Акыр иаԥсоу хатәгәаԥхарала еибашьуаз!

Иахьа, Аԥсны иазгәаҳҭоит акрызҵазкуа амш - хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш. Иахьа, ҳара гәыблыла иаҳгәалаҳаршәоит ҳҭоурых аҟны зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭазы аԥсуа жәлар ирыцхраарц иааз ҳашьцәа. 

1992 ш. нанҳәамза 14 рзы ҳара ҳадгьыл аҟны аибашьра иалагеит, адырҩаҽны, нанҳәамза 15 рзы Аԥсныҟа иааит хатәгәаԥхарала еибашьуаз раԥхьатәи агәыԥ. Кавказтәи ашьха каҵәарақәа ирхыҵны, ҳашьцәа ҳаԥсадгьыл ахьчара иҳацгылеит. Усҟан ҳара еиҳагьы иаҳнырит ҳхала ҳшыҟамыз. 

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз  раԥхьатәи агәыԥқәа рыла иалагеит акрызҵазкуаз аибашьратә мҩа. Нхыҵ-Кавказынтә, Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтә, аҳәаанырцәынтәи иааз ҳџьынџьуаа уҳәа,  шәҩыла аибашьра иҳацанысит. 

Шәара Аԥсныҟа шәааит шәгәы иаҭахны, аиашара ашьақәыргыларазы, шәашьцәа шәыжәҩахыр рыдҵаразы. Шәара  амҩа хареи аҳәаақәеи шәаанырымкылаӡеит, избанзар шәара ишәныруан шьак-дак еицалҵыз шҳакәу. 

Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны Аиааира аҟынӡа ҳаибашьцәа бџьаршьҭыхла шәрыдгылан. Шәара иҳацеиҩышәшеит зегьы - ҳхьаа, хӷәаҟра, аԥсҭбарақәа, иара убас Аиааира иацыз агәырӷьара. 

Шәҩыла хатәгәаԥхарала еибашьуаз  рыԥсҭазаарақәа Аԥсны аиааиреи ахьыԥшымреи ирыхҭнырҵеит. Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Рыхьӡ  Аԥсны аҭоурыхи ҳажәлар ргәалашәареи рҟны наунагӡа иаанхоит. 

Акыр иаԥсоу ҳашьцәа! 

Ииасит ажәашықәсақәа, аха аамҭа иалнаршом еиҳа иуадаҩыз амшқәа рзы иҳацеибашьуаз ргәалашәара ахаршҭра. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәара иҟашәҵаз ацхыраара, иаашәырԥшыз афырхаҵара, шәиашара, шәыгәаӷьра, шәычҳара. 

Хашҭра рықәым наунагӡа аԥсуа дгьыл иамадоу ҳаибашьцәа. Иахьа, Ихьыԥшым Аԥсынтәыла аҭынч ԥсҭазаара амоуп.    Ҳара ҳуалԥшьа - уи аҭынчра ахьчара ауп,  еизҳауа абиԥарақәа аҭоурых рымадара, аибашьра аамҭа иԥнашәаз ҳаиашьара арӷәӷәара.  

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иара убас урҭ рҭаацәа ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭынчра, аихьӡарақәа, ақәранҵыра ду. 

Аԥсны ахьчара зхы ақәызҵаз рҿаԥхьа ҳхырхәоит, ргәалашәара лаша ҳацуп. 

Афырхацәа рыхьӡ кашәара ақәымзааит!

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш шәыдысныҳәалоит, акыр иаԥсоу ҳашьцәа!»

Read 5 times Last modified on Асабша, 15 Нанҳәа 2026 13:54