Print this page
Ашәахьа, 17 Нанҳәа 2026 15:50

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба напхгара зиҭо Аԥснытәи аделегациа усуратә визитла Аладатәи Новгород иаҭааит.

Аныҟәарақәа хықәкыс ирымоуп ақалақь 804 ш. ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәра. 

Аусуратә ныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит асимволтә ҵакы змаз ахҭыс, аԥсуа ган Аладатәи Новгород ҳамҭас ианаҭеит Пицундатәи аԥсаҵлақәа реиҭаҳатә. Дара еиҭарҳаит араион агәаны, ақалақь ауаажәларратә ҭыԥ аҟны, хымԥада ари аусмҩаԥгатә аиҩызаара иахаҿроуп, иара убас аекологиатә хырхарҭала азеиԥш проектқәа ирхыҵхырҭоуп. Ас еиԥш иҟоу ахҭыс, Урыстәылатәи арегионқәеи ҳареи ҳусеицзура иарҿиаз ашьаҿақәа ируакуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, Аԥсни Аладатәи Новгороди зымҽхак ҭбаау апроектқәа аус рыдырулахьеит. Ҷыдала, 2025ш. абҵарамзазы, Аҳабала ҿыц аҟны иаатит Аҟәеи Аладатәи Новгороди реиҩызара символра азызуа апарк. Атәылауаа ахә ҳаракны иршьеит раамҭа қәҿиарала иахьырхырго аҭыԥ аԥшӡара, иара еиқәыршәоуп ҳаамҭа иақәшәо амаҭәахәқәа рыла, амузыкатә лашарақәа, афонтанқәа, амфитеатрқәа, аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа уҳәа убла хызкуа маҷым. 

Убри инаҷыданы, ари ашықәс азы, Аладатәи Новгород ақалақьтә мчрақәа иаадырԥшыз аҽазышәара иабзоураны, аколоннада архитектуратә лашырбагақәа ҟаҵан, иара убас Аҟәа ақалақь Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны аҵиаақәа еиҭаҳан. 

Аԥсни Аладатәи Новгороди ирыбжьоу акультуратәи агәыҳалалратәи еизыҟазаашьақәа зырӷәӷәо шьаҿаны иҟалеит Пицундатәи аԥсаҵлақәа реиҭаҳара.

Read 4 times