Print this page
Аԥшьаша, 26 Хәажәкыр 2026 23:11

Ахада арратә маҵурахьы ааԥхьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба "2026 ш. мшаԥымзеи-лаҵарамзеи Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵурахьы рыԥхьареи арратә маҵзура аҟынтә рхы рақәиҭтәреи рзы" Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.


Аусԥҟа инақәыршәаны, 2026ш. мшаԥымза 1 инаркны рашәарамза 30 рҟынӡа арратә маҵурахьы иааԥхахоит 18 ш. зхыҵуа инадыркны 27 ш. зхыҵуа рҟынӡа.


Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара, Аҟәа араионқәеи ақалақьқәеи радминистрациақәа ирыдҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵурахьы рааԥхьареи арратә маҵзура иахысыз рхы рақәиҭтәреи рзы аусмҩаҧгатәқәа нхарҭәааны рынагӡара, 

Read 49 times Last modified on Ахәаша, 27 Хәажәкыр 2026 00:49