Ашәахьа, 03 Нанҳәа 2026 17:40
Ахада Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсныжәлари лареи ирыдиныҳәалеит аҩажьиԥшьбатәи Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, арҭ ашықәсқәа зегьы афестиваль амузыкеи аҟазара ҳараки ишырныҳәа духаз, атәылауааи асасцәеи уи ргәы хыҭ-хыҭуа ишазыԥшу.
Амҽыша, 02 Нанҳәа 2026 20:04
Ахада Бадра Гәынба далахәуп афестиваль аартра "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..."
Аҩажәиԥшьбатәи Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" мҩаԥысуеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ашҭаҟны.
Аԥшьаша, 30 Ԥхынгәы 2026 12:22
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Арбџьар мчқәа рреформа азакәанԥҵаратә шьаҭа азырхиаразы анапынҵа ҟаиҵеит
Аԥшьаша, 30 Ԥхынгәы 2026 12:09
Гәынба Бадра Ахада иԥшәмаԥҳәыс Ҳашыгԥҳа Ирма дицны IV Пицундатәи афестиваль даҭааит
Аҩаша, 28 Ԥхынгәы 2026 18:13
Гәынба Бадра иахьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны иааны иҟоу ҳџьынџьуаа хәыҷқәа дырԥылеит
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы есышықәса имҩаԥнаго аԥхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» х-гәыԥкны ишьақәгылоуп.
Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 21:41
Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҩӡба Алиас Витали-иԥа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы министрс иаҭаразы
Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 14:48
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәылрыԥшь араион аҿы иҟазаара иалагӡаны даҭааны ибеит Ԥарнауҭ ақыҭан амҩаҟаҵара шымҩаԥысуа
Ақыҭауаа иара иахь ааԥхьара аныҟарҵа Аԥсны Ахада араион анапхгара адҵа риҭеит апроблема аӡбара нап адыркырц. Иахьа актәи аетап хыркәшоуп. Амҩа ырҭбаауп, ахаҳә ықәыԥсаны еиҵыхуп, аӡымҩангагақәа авжаауп. Амҩа аура ԥшькилломентраки бжаки ыҟоуп.
Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 13:35
Гәынба Бадра Баӷбаран ақыҭа Анапхгара ахыбра ҿыц даҭааны ибеит
Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 12:22
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Гәылрыҧшь араион аҟны иҟазаара иалагӡаны даҭааны ибеит Баӷбаран ақыҭа Анапхгара ахыбра ҿыц
Аибашьра еилгеижьҭеи ари ақыҭа анапхгара алшара рымамызт изыхәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥҵаны аус руыртә еиԥш. Шықәсыбжак аԥхьа аҳәынҭқарра Ахадеи араион анапхгаҩи еицәажәаны ақыҭа Анапхгаразы ахыбра шыргылатәыз иалацәжәеит. Иахьа уи ахыбра аргылара хыркәшоуп, дук хара имгакәа иаҭаху амаҭәахәқәа рыла иеиқәыршәаны аусура еиҿкаахоит.
Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 12:10
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра 2026 шықәса актәи азбжа аихшьалақәа рыла Гәылрыԥшь араион асоциал-економикатә ҿиара иазкыз аилацәажәара далахәын
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит араионқәа рҿы ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ҷыда шрымоу, избанзар алшара ҳарҭоит ишиашоу ауаа рацәажәаразы, имҩаԥгаз аусура ахәшьара аҭаразы, уи иҵегьы иахьырӷәӷәатәу аилкааразы. Бадра Гәынба инаҵшьны иҳәеит араионқәа аҳәынҭқарра шьаҭас ишрымоу, араионқәа аныҿио атәыла зегьы аҿиара шалыршахо.