АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 14:48

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәылрыԥшь араион аҿы иҟазаара иалагӡаны даҭааны ибеит Ԥарнауҭ ақыҭан амҩаҟаҵара шымҩаԥысуа

Ақыҭауаа иара иахь ааԥхьара аныҟарҵа Аԥсны Ахада араион анапхгара адҵа риҭеит апроблема аӡбара нап адыркырц. Иахьа актәи аетап хыркәшоуп. Амҩа ырҭбаауп, ахаҳә ықәыԥсаны еиҵыхуп, аӡымҩангагақәа авжаауп. Амҩа аура ԥшькилломентраки бжаки ыҟоуп.


Бадра Гәынба ақыҭа анхацәа дырԥылеит. Дара Аҳәынҭқарра Ахада ҭабуп ҳәа иарҳәеит иааирԥшыз агәцаракразы.

«Ҳауаажәлар адгылара рыҭара, рыбзазаразы иахьынӡауа ала аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара- иарбан ҩаӡаразаалакгьы анапхгараҿы иҟоу ируалԥшьоуп», - иҳәеит Бадра Гәынба.

Read 3 times
aps25