Ахаша, 29 Мшаҧы 2026 21:18
Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Кавказтәи аинвестициатә форум - 2026 аҿы иусура хацыркит Аԥсны Аҳәынҭқарра астенд аҭаара ала
Аҳәынҭқарра Ахада дырԥылеит аделегациа алахәцәа, уи аилазаараҟны иҟоуп аԥыза-министр Делба Владимир, аԥыза - министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, аекономика аминистр Амқәаб Ҭемраз, Аҟәа ақалақь Ахада Агрба Ҭемыр.
Аҩаша, 28 Мшаҧы 2026 15:01
Аҳәынҭқарра Ахада Кавказтәи аинвестициатә форум далахәхоит
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра мшаԥы 28-30 рзы имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә форум далахәхоит.
Асабша, 25 Мшаҧы 2026 14:38
Ахада Ачба Леуарса ианеишьеит «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аҿиараҟны илагаламҭазы, иҳараку азанааҭдырразы, 1992–1993 ш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы Ачба Леуарса Николаи-иԥа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьаразы.
Ахәаша, 24 Мшаҧы 2026 18:21
Гәынба Бадра Аерманцәа ргеноцид амш агәаларшәара инамаданы аерманцәа реидгылахь ааԥхьара ҟаиҵеит
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Аерманцәа ргеноцид амш агәаларшәара инамаданы аерманцәа реидгылахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Ахәаша, 24 Мшаҧы 2026 18:12
Ахада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ргәаҭаразы агаҿа даҭааит
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Агрба Ҭемыр Ҭаҭарсҭан Ареспублика амчала имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ргәаҭаразы агаҿа иаҭааит.
Ахәаша, 24 Мшаҧы 2026 15:24
Ахада «Иҭышәынтәаланы аҿиара, аԥызара, арҿыцрақәа» атемала иеиҿкааз Аус знапы алаку аҳәса жәларбжьаратәи рфорум «Аԥсны-2026» аартра далахәын
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аусмҩаԥгатә иалахәыз асасцәа аԥсшәа реиҳәеит, азанааҭтә еимадареи аԥышәа аимдареи рзы афорум иамоу аҵак ду азгәаҭаны.
Ахаша, 22 Мшаҧы 2026 17:07
Гәынба Бадра иахьа Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа даҭааит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иахьа Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа даҭааит.
Ахәаша, 17 Мшаҧы 2026 13:07
Аҳәынҭқарра Ахада «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихиҵеит Логәуа Нугзар
▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра инапы аҵеиҩит аҿыханҵатә ҟазара ашьақәгылареи аҿиареи, азанааҭтә ҟазара ҳараки, еиҵагыло абиԥара реиҵааӡареи рҿы илагаламҭа ду азы Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа Логәуа. «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.