АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 24 Мшаҧы 2026 18:12

Ахада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ргәаҭаразы агаҿа даҭааит

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Агрба Ҭемыр Ҭаҭарсҭан Ареспублика амчала имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ргәаҭаразы агаҿа иаҭааит.

Игәаҭан аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа. Амшын аԥшаҳәаҟны аусурақәа активла имҩаԥысуеит, аҿҳәара иҭагӡаны ахыркәшаразы анардакыларатә еиҿкаарақәа ҩба-ҩба бригада рхы иадырхәоит. 

Аҟәа администрациа Ахада Агрба Ҭемыр иҳәеит Идырым асолдаҭ ибаҟа азааигәара ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа. Абаҟа ахаҭеи уи иаҵанакуа адгьылҵакыреи еиҭашьақәыргылахоит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" ахарџь ала. 

Аусурақәа хыркәшахоит лаҵарамза 9-нӡа, Аиааира амш аҽны аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа ргәаларшәараазы абаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵаразы алшара роурц азы. 

Агаҿаҟны имҩаԥысуа аиҭашьақәыргылара аусуратә комиссиа напхгара аиҭоит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан. Аиԥш зеиԥшу агәаҭарақәа мҩаԥган аԥшаҳәа аҭоурыхтә хәҭаҟны, археологиатә ԥшаарақәа ахьымҩаԥысуа.

Read 31 times
aps25