АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 22 Мшаҧы 2026 17:07

Гәынба Бадра иахьа Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа даҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иахьа Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа даҭааит.

▫️ Ақыҭауаа ааигәа аҳәынҭқарра Ахада идҵаалахьан Аалӡга аӡиас хыҵны рынхамҩақәа ианрыҵало ирнаҭо аԥхасҭа инамаданы. 

 ▫️ Ахада аӡыршьҭра дахәаԥшны алкаа иҟаиҵаз анаҩс, аспециалистцәа ирыдиҵеит хара имгакәа ахьчага дамба аргыларазы ахарџьынҵатә документациа азырхиаразы.  

▫️ Агәаҭаратә усурақәа реихшьала ҟаҵо, аҳәынҭқарра Ахада иара убас Гәылрыԥшь араион даҭааит, имҩаԥысуа аусурақәа ақыҭауаа рзы иамоу аҵакы азгәеиҭиет.  

▫️ Ахада иаҵшьны иҳәеит аӡхыҵрақәа ақыҭанхамҩа аԥхасҭа ду шрырҭо, иахьа ихадараны иқәгылоу зҵаараны ишыҟоу анхацәа рџьабаа рԥыло рынхамҩақәа реиқәырхара.

Read 23 times
aps25