АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агәабзиарахьчара асистема аусзуҩцәеи аветеранцәеи Амедицинатә усзуҩы имш рыдиныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иахьа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә академиатә Театр маҷ арежиссиор хада, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз артист Алексеи Дубровскии Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Ирина Муравиовеи идикылеит.
Аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ашәарҭадара аиҿкаареи, асуверенитет арӷәӷәареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аҿиареи рзы акрызҵазкуа факторны иҟан, ус иагьаанхоит. Урыстәылатәи Афедерациа ҳара иҳадгылаҩуп, стратегиатә партниоруп. Ари апартниорра ҳҳәынҭқарра атәылахьчаралшара арӷәӷәара, уи жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәара, аекономика, асоциалтә усхк, аҵараиура, амилаҭтә культура рыҿиара иацхраауеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҟны иахьа Улиановсктәи аобласт агубернатор Алексеи Русских диԥылеит.
 Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит активла иҿио, аекономикатә рбагақәа рыла аԥхьагылаҩцәа ирхыԥхьаӡалоу Ленинградтәи аобласт ақәҿиарақәа ртәы.
aps25