АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 14 Рашәара 2026 22:50

Аԥсны Ахада Кавказ ажәларқәа ркультура актәи афорум "Лыхны" даҭааит

▫️

 

️ ️ Афестиваль еиднакылеит арҿиаратә коллективқәа, жәлар рнапкымҭақәа рҟазацәа, адизаинерцәа, асахьаҭыхыҩцәа, Аԥсни Аҩадатәи Кавказ ареспубликақәеи рҟынтә аҵарауаа.

 

▫️ Афорум апрограммаҿы иҟан жәлар рнапҟазамҭақәа рџьармыкьа, аекспозициақәеи афотоцәыргақәҵақәеи, алекториқәа, аишәа гьежьқәа, аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәеи амилаҭтә хәмаррақәеи, иара убас аԥснытәи, кавказтәи адизаинерцәа истильрку рмилаҭтә ҵкқәа рколлекциа арбара.

 

️ ️ Аконцерттә программа иалахәын аԥснытәи аколлективқәа, иара убас аҳәынҭқарратә академиатә акәашаратә ансамбльқәа — Чечентәылатәи Ареспублика аҟынтә «Ваинах», Адыгеиа Ареспублика аҟынтә «Адыге».

▫️ Аҳәынҭқарра Ахада идырбеит амилаҭтә спорт хкқәа ируаку — аҽы иақәтәаны ахыци ахәымпали рыла ацәҟьара аихысра иазку амилаҭтә хәмарра еиҭашьақәзыргыло аҽцәа рықәгыларақәа.

 

Бадра Гәынба аҽы дақәтәаны ацәҟьара иеихсны иақәзыршәаз Гәдоуҭатәи аспортсмен қәыԥш Кьахьыр Ҭраԥшь лҟазара џьашьаны иазгәеиҭеит. Атәыла ахада инаҵшьны иҳәеит ас еиԥш иҟоу амилаҭтә традициақәа реиҭарҿиареи реиқәырхареи аҵак ду шрымоу, аҽцәа ирзеиӷьеишьеит аԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа.


▫️ Атәыла ахада иара убас ибеит афорум аекспозициақәа. Гәынба Бадра Аҩадатәи Кавказ жәлар рнапкымҭақәа разҟазацәа дрыҿцәажәеит, абџьари аԥсуа ԥҳәыс лкәадыр иазку аекспозициа ацәыргақәҵа даҭааит, афермерцәа раалыҵ дахәаԥшны ибеит. Иара убас, атәыла Ахада аԥснытәи амодельиерцәа рколлекциақәа дырбара даҭааит.

 

️ ️ Гәынба Бадра Кавказ ажәларқәа ркультура актәи афорум «Лыхны» аҿы дықәгылеит. 

 

Ахада иқәгылараҿы иҳәеит:

 

️ ️ " Ҳаҭыр зқәу Кавказ ажәларқәа рфорум алахәцәа!

 

️ ️ Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

 

️ ️ Аҩадатәи Кавказ аиашьаратә республикақәа рҟынтә иаҳҭааз асасцәа!

▫️  Гәык - ԥсык ала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит аԥсуа жәлар рдоуҳатә ԥсҭазаараҿы аҭыԥ ҷыда аанызкыло аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭыԥ аҿы – Лыхнашҭа.

 

▫️ Аԥсуаа зегьы рзы Лыхны баша ҭоурыхтә қыҭаны иҟаӡам. Ари жәлар ракзаареи, ҳабдуцәа рҟәыӷареи, рытрадициақәа рызиашареи ирсимволуп. Шәышықәсала абраҟоуп ҳаԥсадгьыл азы илахьынҵаӡбагаз азҵаарақәа ахьырыӡбоз, жәлар реизарақәа ахьымҩаԥысуаз, ҳажәлар рԥеиԥш ҳәаақәызҵоз ихадоу аӡбарақәа ахьрыдыркылоз. 

▫️ Лыхнашҭа адоуҳамч змоу, абиԥарақәа реимадареи жәлар рдоуҳа амчи еиҳа иахьуныруа ҭыԥуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Машәыршақә иҟамлаӡеит 1992 шықәса жьҭаарамзазы иҿыцу ҳҭоурых аҿы зегь раасҭа ихьанҭаз аамҭақәа руак аан Актәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс абра иахьымҩаԥысыз. Ҳадгьыл аҿы аибашьра анеилашуаз Лыхны еизеит адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа Аԥсны акзаареи адгылареи шамоу рыларҳәарц.

▫️ Ари аҭоурыхтә конгресс аартуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба иазгәеиҭеит ажәлар ракзаареи уи иара алахьынҵа аҳәаақәҵаразы азин шамоуи ртәы. Ажәлар рымчра хыҵхырҭас иамоу реидгылареи, рдац-ԥашә ацәхьамҵреи, рыдгьыл ахьчаразы ирымоу агәаҳәареи роуп ҳәа ииҳәаз ажәақәа иахьагьы актуалра рыманы иаанхоит.

 

▫️ Ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, иаҳхашҭрангьы иҟаӡам Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иҳавагылаз зегьы. Аҩада Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтә зықьҩыла хатәгәаԥхарала еибашьуаз аԥсуа дгьыл ахь дҵала акәымкәа, дара ирҭахны иааит ҳхьаа рхьаауп ҳәа иԥхьаӡаны, ҳақәԥара аиашара иазку еицаҳзеиԥшу қәԥароуп ҳәа иԥхьаӡаны. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз иаадырԥшыз афырхаҵара наунагӡа ҳгәалашәараҿы, ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы иаанхоит.

 
▫️ Иахьа имҩаԥысуа Кавказ ажәларқәа рфорум аҵак ҷыда амоуп. Уи иеиднакылоит аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхареи, аусеицура арҿиареи, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи хықәкыс измоу еиуеиԥшым ажәларқәеи, акультурақәеи, атрадициақәеи рхаҭарнакцәа.

▫️ Кавказ ахаангьы иӷәӷәан  аиашьа ижәҩахыр ала, ҳаҭырла аизыҟазаарала, аицхыраарала. Ас еиԥш иҟаз аизыҟазаашьақәа роуп ҳажәларқәа аԥышәара дуқәа ианырҭагылаз еидызкылаз. Иахьагьы уи уасхырны иазышьҭоуп ҳаԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш.

 

▫️Сара агәра згоит ари афорум иаарту аиҿцәажәарақәа рзы, иҿыцу аԥшьгарақәа рзы акрызҵазкуа ҭыԥны ишыҟалаз. Ҳара иаҳҭахуп ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа традицианы иҟаларц, аԥхьаҟагьы имҩаԥаҳгаларц Кавказтәи ажәларқәеи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәаразы, аусеицуразы алшара ҿыцқәа раԥҵаразы.».

Read 19 times
aps25