Иара убас, Ахада Иусԥҟала "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп акультуреи аҟазареи русхк аҟны илшамҭақәа, аԥсны-урыстәылатәи акультура-гуманитартә усеицзура арҿиараҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарразы апрофессионалтә рҿиаратә кадрқәа разыҟаҵараҟны илагаламҭазы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә академиатә Театр маҷ арежиссиор хада, М.С. Щепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу атеатртә ҵараиурҭа актиортә ҟазара акафедра аиҳабы Алексеи Владимир-иԥа Дубровски.
Рашәарамза 11 инаркны 14-нӡа Аԥсны аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Урыстәыла аҳәынҭқарратә академиатә Театр маҷ агострольқәа. 270-тәи аиубилеитә сезон аан Ф. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә адрама аурыс театр асценаҟны аколлектив иқәнаргылеит Н. Гоголь иҩымҭала аспектакльқәа «Ԥҳәысаагара», «Ахәмарҩцәа».
Уи аԥхьа, Гәынба Бадра аиԥылра мҩаԥигеит Атеатр маҷ арежиссиор хада, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз артист Алеқсеи Дубровскии Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Ирина Муравиови аалархәны, иагьазгәеиҭеит Аҧсны раԥхьаӡа акәын имҩаԥысуа агастрольқәа аҵак ду змоу хҭысны ишыҟало атәыла акультуратә ԥсҭазаараҟны.