Аусмҩаԥгатә далахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ ирбан амыргугақәеи ҩ-хәҭакны еихшоу аиқәыршәагатә хархәагақәеи. Актәи ахәҭаҟны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз арра-техникатә цхыраара. Ахада дахәаԥшны ибеит ааигәа урыстәылатәи аган ар ирырҭаз иҷыдоу амазара, уи аҩныҵҟа иҟоуп анџьныртә маҭәахәқәа, ҳаамҭа иақәшәо азеиԥш хықәкы змоу ахархәагақәа, иара убас арадиациатә, ахимиатә, иара убас абиологиатә хьчара иазхку амазара.
Аҩбатәи ахәҭаҟны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рырҿыцреи ҳазҭагылоу аамҭазы изыхәҭоу маҭәахәла реиқәыршәареи. Аҳәынҭқарра Ахада дахәаԥшны ибеит ахатәы еилазаара аибашьыгатә ҷаԥшьараҟны хархәара зырҭо атехникатә маҭәахәқәа. Урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп - аимадара акомплексқәа, арадиофымцатә қәԥара асистема, иара убас апилотдатәи аԥрыгатә аппаратқәа модификациала еиуеиԥшым, аԥшыхәреи аҭагылазаашьа аҭҵаареи алзыршо.
Гәынба Бадра иара убас игәеиҭеит арҵаратә процесс амҩаԥысшьеи Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа иҭоу акурсантцәа аҵара ахьырҵо иҟоу аҭагылазаашьеи. Ахада ибеит апарктә нхамҩеи уи иаԥну атәылахьчаратә ҵакырадгьыли.
Атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьбеи АА Арбџьар мчқәа Рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченкои Ахада адырра ирҭеит ар разыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа, ҳаамҭа иақәшәо абџьар арҵаратә процесс ишалагалахо атәы.
Ахада иара убас адырра ирҭеит аспециалистцәа разыҟаҵареи аԥырҩы дызҭам аԥрыга аппаратқәа аԥышәаратә зыҟаҵарақәа шымҩаԥысуазы.
«Арбџьар мчқәа ҳаамҭа иақәшәо амыругақәа рыла реиқәыршәара ҳмилаҭтә шәарҭадара азҵаара аамҭа иаҭахны иқәнаргылоит. Ҳарҭ ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳастратегиатә ҩыза -Урыстәылатәи Афедерациа Апсны Арбџьар мчқәа реиқәыршәара аус аҟны иҳанаҭо адгылара» , – иазгәеиҭеит Гәынба Бадра.
Ахада Аԥсны Атәылахьчара Аминистрра анапхгара адҵа риҭеит арратә зыҟаҵарақәа реиӷьтәра, атехникатә база арҿыцра ацҵаразы аԥхьаҟатәи аусқәа реиҿкараазы.