▫️ Иқәгылараҿы аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:
▫ ️ "Ҳаҭыр зқәу Михаил Александр-Иԥа!
▫️ Акыр иаԥсоу сколлегацәа, аҩызцәа!
▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа — Урыстәыла Амш.
▫️ Ари амш азеиԥш ҵас бзиақәеи, атрадициақәа ҳаҭыр рықәҵареи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәреи шьаҭас иаҭаны ажәларқәа еидызкыло атәыла дуӡӡа амчи, акзаареи, шәышықәсалатәи аҭоурыхи ирсимволуп.
▫️ Аԥсни Урыстәылеи агәылеимабзиара мацара акәымкәа, агәрагареи, наҟ-ааҟтәи аидгылареи, азеиԥш ҭоурыхи шьаҭас измоу астратегиатә еидгылара еиднакылоит. Аԥсны жәлар рзы Урыстәыла узықәгәыӷша ҩызан, дгылаҩ хаданы иҟан, ус иагьаанхоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ашәарҭадара алыршареи, аекономикеи, асоциалтә усхки рыҿиареи, ҳҳәынҭқаррра арӷәӷәареи ирызку Урыстәылатәи Афедерациа ԥымкрада иҟанаҵо адгылара.
▫️Аџьшьара ажәа ҷыдақәа изыскыр сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин. Иара еицакрада иҟаиҵо агәцаракреи ацхыраареи ирыбзоураны Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ахырхарҭақәа зегьы рыла аӷәӷәахара, аҿиара иаҿуп. Ҳара гәык-ԥсык ала ахә ҳаракны иаҳшьоит еиҳа иуадаҩу аамҭақәа раан Урыстәыла Аԥсны ианаҭо ацхыраареи адгылареи.
▫️ Агәра ганы сыҟоуп ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ринтересқәа рымаҵ аура, арегион аҿы аҭышәынтәалареи, аҭынчреи, аизҳазыӷьареи ишрызкхо.
▫️ Гәык — ԥсык ала Урыстәылатәи Афедерациа, уи милаҭрацәала еилоу ажәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аманшәалара, ԥхьаҟатәи аизҳазыӷьара, ара еизаз зегьы – агәабзиара, анасыԥ, аихьӡарақәа».