"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Аԥсны аҳәынҭқарра ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Шәара аԥхьа шәнаргыланы, милаҭрацәала иеилоу Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар гәык-ԥсык ала ирыдысныҳәалоит , аҳәынҭқарратә ныҳәа -- Урыстәыла Амш.
Ари аныҳәа символра азнауеит ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа урыстәылатәи аҳәынҭқарра аҭоурыхи Урыстәыла адуреи амчи, уи адоуҳатәи ауаҩышәаратәи беиарақәа, атәыла иқәынхо ажәларқәа ракзаареи иузырҟәымҭхо рыбжьоу аимадара. Урыстәыла иахьа – амилаҭтә интересқәеи, асуверенитети, ажәларқәа ҭынч, зых иақәиҭу аҿиаразы рзини рыгәра ганы ирзықәԥо ҳәынҭқарра дууп.
Иахьатәи аныҳәа аҵак ҷыда анаҭоит Урыстәыла ажәларқәа ракзаара иашықәсны ирылаҳәоу 2026-тәи ашықәс. Уи иар1цабыргуеит Урыстәылатәи Афедерациа шәышықәсала урыстәылатәи аҳәынҭқарра амчи аҭышәынтәалареи шьаҭас ирымаз ажәларқәа рмилаҭбжьаратә еиқәшаҳаҭреи, аҳаҭыреиқәҵареи, реидгылареи ридеалқәа ишрықәныҟәо.
Аиҩызареи, аидгылареи, агәреибагареи рыпринципқәа шьаҭас измоу аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа Аԥсны Аҳәынҭқарразы ҷыдала аҵак ду амоуп. Аԥсны жәлар ахә ҳаракны иршьоит Урыстәылатәи Афедерациа еицакрада Аԥсны Аҳәынҭқарра ианаҭо адгылара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра иара убас ԥымкрада Урыстәылатәи Афедерациа иадгылоит ииашоу адунеиеиҿкаареи, ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи рзы имҩаԥнаго аполитикатә курс. Агәра ганы сыҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реизҳазыӷьаразы ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы ишыӷәӷәахо.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, ари аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аҳәынҭқарратә усураҿы ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа, Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо аиҩызара ҳзызуа ажәлар – аҭынчра, аизҳазыӷьара, акзаара.