АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 11 Рашәара 2026 21:14

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Б. З. Аҳәамҭа ҟаиҵеит

Аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ашәарҭадара аиҿкаареи, асуверенитет арӷәӷәареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аҿиареи рзы акрызҵазкуа факторны иҟан, ус иагьаанхоит. Урыстәылатәи Афедерациа ҳара иҳадгылаҩуп, стратегиатә партниоруп. Ари апартниорра ҳҳәынҭқарра атәылахьчаралшара арӷәӷәара, уи жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәара, аекономика, асоциалтә усхк, аҵараиура, амилаҭтә культура рыҿиара иацхраауеит.

Ҳаизыҟазаашьақәа рҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит Урыстәылатәи Афедерациа 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы иаднакылаз аӡбамҭа.  

Аԥсуа жәлар ахаангьы ирхашҭраны иҟаӡам аҭоурыхтә ҵакы змоу, алахьынҵаӡбагоу ари ашьаҿа, иара убас Урыстәыла акыр шықәса инеиԥынкыланы ҳтәыла ианаҭо адгылара.  

Ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәа ирыбзоураны Аԥсны атәылауаа ирымоуп алшара ҭынч анхаразы, аусуразы, аҵаразы.

Иазгәаҭатәуп урыстәылантәи иҳауа адгылара еснагь аҳаҭырқәҵареи арҿиареи хықәкыс ишамаз. Урыстәылеи ҳареи ҳаимадара иабзоураны Аԥсны аҵараиуратә, акультуратә, агуманитартә проектқәа анагӡара алыршахеит, ашколқәа, акультура аусҳәарҭақәа рырҽеирақәа, рыргылара, мҩаԥысуеит, аҿар рзы алшара ҿыцқәа аԥҵахоит, аҭҵаарадырреи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи русхк аҟны аусеицура аҿиара иаҿуп. Урыстәылатәи  ацхыраарала аԥсуа бызшәа аҿиаразы аусура мҩаԥысуеит, ацифратә платформақәа раларҵәареи иԥсабаратәым аинтеллект шьаҭас измоу аӡбамҭақәагьы уахь иналаҵаны, уи ҳҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхареи аларҵәареи рзы алшара ҿыцқәа аанартуеит. .

Хазы иазгәаҭазар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Владилен-иԥа Кириенко иганахьала аҳәамҭақәа зынӡагьы ҟалашьа шрымам, ииашам ҳәа ишысыԥхьаӡо. Уи Аԥсны датәуп, ҷыдала имҩаԥиго аусқәа рыла изныкымкәа ишьақәирӷәӷәахьеит ҳтәыла гәык-ԥсыкала дшазыҟоу. Сергеи Владилен-иԥа Аԥсны даҩызоуп, иара убас саргьы дысҩызоуп ҳәа исыԥхьаӡоит.

 Аԥсны жәлар ахә ҳаракны иршьоит аҳаҭыреиқәҵареи, агәреибагареи, азеиԥш интересқәеи шьаҭас измоу Урыстәылатәи Афедерациеи ҳиҳабжьоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәа. Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгара ԥхьаҟагьы Урыстәыла ҳареи ҳабжьара аиҩызаратәи астратегиатәи еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазырхоу аполитика иацәхьаҵӡом.

Read 10 times Last modified on Ахәаша, 12 Рашәара 2026 17:54
aps25