АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аԥшьаҩы еиҳабы Бассариан Аԥлиаа зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аиашахаҵаратә Ныха адоуҳамаҵзуҩцәа идикылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра инамаданы аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьаразы аусԥҟақәа жәпакы инапы рыҵаиҩит. 
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра амассатә информациа ахархәагақәа рзы апресс-конференциа мҩаԥигеит.
Иахьа, лаҵарамза 14 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада диижьҭеи 81 шықәса аҵра амш аҽны имҩаԥысит Алада Ешыра ақыҭан Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә.
Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр Делба Владимир, аекономика аминистр Амқәаб Ҭемраз, Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Берулаа Роланд, иашьашщалоу аусбарҭақәеи ИТ-сектори рхаҭарнакцәа.
aps25