▫️ Аиԥылара иалахәын Аԥсны Аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа Ахантәаҩы, амуфҭи Ҭемыр Ӡыба.
▫️ Ахада инаҵшьны иҳәеит Аԥсны еснагь адинхаҵарақәа рыбжьара аибачҳара ахьыҟоу динрацәалатәи тәыланы ишыҟаз.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит арҭ атрадициақәа аҵак ду шрымоу еиуеиԥшым амилаҭқәеи адинхаҵарақәеи рхаҭарнакцәа рыбжьара аҭынчреи, аҭышәынтәалареи ралыршаразы.
▫️ Амуфҭи Муҳаммад-Ҳаџьы Еркенов асасдкыларазы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Уи Ҟарачы-Черқьесиа Ахада Рашид Темрезов ихьӡала азеиӷьашьара ԥхақәа ҟаиҵеит.
▫️ Муҳаммад-Ҳаџьы Еркенов иҳәеит Аԥсны Аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа ҩ-ганктәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраареи адгылареи рыҟаҵара дшазхиоу.
▫️ Иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит ҩ-республикак рдоуҳатә усбарҭақәа аԥхьаҟагьы реимадара ишацырҵо.
▫️ Ахада иазгәеиҭеит Кавказ ажәларқәа риашьаратә еимадарақәа, инаҵшьынгьы иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҩада Кавказ ареспубликақәа зегьы рҟынтә аишьаратә жәларқәа ацхырааразы ишааз, Ҟарачы-Черқьесиагьы уахь иналаҵаны.
▫️ Атәыла ахада иҳәеит Аԥсны ишырхамышҭуа ареспублика ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз афырхацәа рыхьӡқәа, ԥхьаҟатәи абиԥарақәагьы урҭ рфырхаҵара еснагь ишыргәалашәало.
▫️ Гәынба Бадра инаҵшьны иҳәеит ҳажәларқәа русеицуразы алшарақәа шаԥҵалатәу, адинтә еимадарагьы уахь иналаҵаны.