Аԥсны Аиашахаҵаратә Ныха ахада аԥшьаҩы еиҳабы Бассариан Аԥлиаа Аҳәынҭқарра ахада адырра ииҭеит Аԥсны Аныхаҟны иҟоу аҭагылазаашьеи адоуҳамаҵзуҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоу актуалра злоу азҵаарақәеи рзы. Ҷыдала, ирзааҭгылан аиашахаҵаратә традициақәа реиқәырхареи, аныхатә хыбрақәа рҭагылазаашьеи, ареспублика араионқәа рҿы аныхатә маҵзура аиҿкаареи ирызку азҵаарақәа.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит атәыла анапхгара аиҿцәажәараан иззааҭгылаз азҵаарақәа ишрызхьаԥшуа.