АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 15 Лаҵара 2026 20:16

Ахада аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра инамаданы

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра инамаданы аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьаразы аусԥҟақәа жәпакы инапы рыҵаиҩит. 

Адәныҟаполитикатә курс аус адулареи анагӡареи, адунеи аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчареи, атәым ҳәынҭқаррақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рполитикатә еимадарақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рҿы хаҭалатәи илшамҭақәа рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Шамба Сергеи Мирон-иԥа.  

Адәныҟаполитикатә еимадарақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчареи рҿы хаҭалатәи илшамҭақәа рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

 Ахба Игор Мураҭ-иԥа;

Ӷәаџьаа Заур Константин-иԥа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура ашьақәгылареи аҿиареи рҿы рлагала дуи, шықәсырацәалатәи ламысцқьала русуреи, рыпрофессионализм ҳараки рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

Мерцхәылаа Лариса Шьалуа-иԥҳа;

Ҭаркьыл Мартин Рауль-иԥа; 

Ҷкадуа Стелла Шьоҭа-иԥҳа.

Read 40 times
aps25