АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 15 Лаҵара 2026 19:15

Имҩаԥысит Аԥсны Ахада ипресс-конференциа

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра амассатә информациа ахархәагақәа рзы апресс-конференциа мҩаԥигеит.

Ҩ-сааҭк рыҩныҵҟа аҳәынҭқарра Ахада атәыла аԥсҭазаара ахырхарҭа хадақәа зымҽхазкуа 20 инареиҳаны зҵаара рҭак ҟаиҵеит. 

Иалацәажәеит аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитикаҟны ихадароу азҵаарақәа, ирыдыркыло акадртә ӡбамҭақәа, аекономикатә сектор аҿиара, афымцамч иахьатәи аҭагылазаашьа. Иара убас иазааҭгылеит агәабзиарахьчареи аҿар рполитика анагӡареи ирызкыз актуалра злоу азҵаарақәа.

Гәынба Бадра ажурналистцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит рзанааҭтә диалог азы, иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа иаарту аформат ала итрадицианы иҟалар шакәу.

Ахадеи ажурналистцәеи реиҿцәажәара нарҭбааны икьыԥхьуп амассатә информациа ахархәагақәа рҿы.

Read 38 times
aps25