АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 12 Лаҵара 2026 21:45

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра ацифратә економика аҿиареи атехнопаркқәа раԥҵареи рзы аилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр Делба Владимир, аекономика аминистр Амқәаб Ҭемраз, Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Берулаа Роланд, иашьашщалоу аусбарҭақәеи ИТ-сектори рхаҭарнакцәа.

Аилацәажәараҿы ицәырган ацифратә технологиақәа рыҿиаразы, арезидентцәа радыԥхьаларазы, акадрқәа разыҟаҵаразы, аекономикеи аҳәынҭқарратә напхгараҭареи рзы ҳаамҭазтәи амаҵзурақәа рхацыркразы инфраструктура ҿыцк аҳасабала Аԥсны атехнопаркқәа раԥҵара аидеиа.

Иазгәаҭан итрадициатәу аусхкқәа — атуризм, ақыҭанхамҩа, амаҵзурақәа русхк –- ареспубликазы ихадоу аҵакы шрымац ирымоуп ҳәа. Убри инаваргыланы инаҵшьны иазгәаҭан урҭ рыҿиара арццакра алыршахар шыҟало ҳаамҭазтәи ацифратә ӡбамҭақәа рахь аиасра иабзоураны: иԥсабаратәым аинтеллект ахархәара, абизнес-процессқәа равтоматизациа, ацифратә ҳасаббара, аелектронтә документеикәыршара, адыррақәа раналитика, атәылауааи, абизнеси, аҳәынҭқарреи рзы амаҵзура ҿыцқәа раԥҵара.

Иара убасгьы иалацәажәан атехнопаркқәа ррезидентцәа аинвесторцәеи радыԥхьаларазы аҭагылазаашьақәа рышьақәыргылареи Аԥсны ИТ-еилахәырақәа рыҿиара агәацԥыҳәара азҭо азакәанԥҵаратәи ашәахтәтә базеи раԥҵара шхымԥадатәиу.

Аԥыза-министр Делба Владимири аекономика аминистр Амқәаб Ҭемрази аинвесторцәеи атехнологиатә еилахәырақәеи радԥхьалара алзыршо азнеишьақәа азгәарҭеит.

ИТ-сектор ахаҭарнакцәа ракәзар иазгәарҭеит атехнопаркқәа рыҿиаразы ашәахтә зинтә ҷыдақәа рыдагьы аинфраструктура, акадртә база, аҳәынҭқарреи дареи русеицура, Аԥсны аекономиказы иреалтәу ацифратә аалыҵқәа рхацыркразы алшара шаҭаху.

Ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭеит акадртә лшара. Аиԥылара алахәцәа инаҵшьны иазгәарҭеит ареспубликаҿы аимадареи, абанктә технологиақәеи, аинтернет-инфраструктуреи, апрограмматә ӡбамҭақәеи русхк аҟны аус зуа аспециалистцәа шыҟоу. Аԥсны атәылауаа ҿарацәа аӡәырҩы атехникатә ҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵоит, аус зуа аԥснытәи ИТ-еилахәырақәа атехнологиатә ҭагылазаашьа ҿыц аԥҵараан ахархәара зауша адыррақәа рымоуп.

Иара убас иазгәаҭан апрофильтә ҵара иамоу аҵакы. Ҷыдала, ИТ-школ аусуреи Ахада ицхыраарала Аԥсны аҳәынҭқарратә университет аҿы иҟоу ИТ-коллеџь аԥҵареи ирылацәажәеит. Ас еиԥш аколлеџь апрограммаркра, адыррақәа ранализ, акибершәарҭадара, иԥсабаратәым аинтеллект, ацифратә енергетика, аробототехника уҳәа аекономика ҿыц ахырхарҭақәа рганахьала аспециалистцәа разыҟаҵаразы уасхырны ироур алшоит.

Иазгәаҭоуп ацифраркра атрадициатә усхкқәа ирҿамгылакәа, урҭ рырӷәӷәара ишазырхоу: амаҵзурақәа рхаҭабзиара аизырҳара, абизнес арзара, аҿар рзы аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара.

Ахада иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи атехнологиақәа раларҵәара ада аҳәынҭқарра аҿиара шалымшо. Атәыла ахада игәаанагарала, урҭ ииашаны рхархәара аекономика аизҳареи аҳәынҭқарратә усура аусхкқәа зегьы рҿы зхаҭабзиара ҳараку аиҭакрақәеи рзы стимул ӷәӷәаны иҟалоит.

Гәынба Бадра иазгәеиҭеит арҭ ауснагӡатәқәа рынагӡаразы ари аусхк аҟны адырреи аԥышәеи змоу зегьы рымчқәа шеидкылатәу.

Аиԥылара аихшьалақәа рыла Гәынба Бадра апрофильтә усбарҭақәа ирыдиҵеит ирыдгалаз аԥшьгарақәа аус рыдулара.

Read 24 times Last modified on Аԥшьаша, 14 Лаҵара 2026 12:58
aps25