АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 27 Ԥхынгәы 2026 16:34

Гәынба Бадра Сергеи Кириенко Иира амш идиныҳәалеит

 

"Ҳаҭыр зқәу Сергеи Владилен-иԥа!

 

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!

 

Аԥсны азы Шәара Урыстәылатәи Афедерациаҿы заҳаҭыр ҳараку аҳәынҭқарратә усзуҩцәа шәреиуоуп, аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы хаҭала шәлагала дууп, гәык-ԥсыкала ҳтәыла шәшазыҟоу иҟашәҵо зегьы ианыԥшуеит.

 

Аԥсны иқәынхо дарбанзаалак ибоит шәахьиз адгьыл шаҟа зҿлымҳара ашәҭо, шәшахӡыӡаауа. Убри аҟнытә ара гәык-ԥсыкала бзиа шәырбоит, ҳаҭыр шәықәырҵоит, ирызгәакьоу, ирзааигәоу  уаҩык иаҳасабала шәрыдыркылоит.

 

Иахьа Аԥсны есааира аҽаԥсахуеит, ҳаамҭа инақәыршәаны аҿиара иаҿуп, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш еиҳа агәра ганы иахәаԥшуеит. Арҭ аиҭакра бзиақәа ауаа ииашаны Шәара шәџьабаагьы шалоу рбоит. Уи азы даара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит.

 

Ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳаҭыр рықәысҵоит, Аԥсны гәык-ԥсыкала шәазыҟазаара ахә ҳаракны исшьоит.

 

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, ишәзааигәоу ауааи Шәареи шәыбжьара есқьынгьы иҟазааит аԥхарра, аилибакаара, Урыстәыла аизҳазыӷьаразы ҭакԥхықәрала иныҟәыжәго шәҳәынҭқарратә маҵзураҿы аԥхьаҟагьы аихьӡарақәа».

Read 2 times
aps25