Аекспозициа еиднакылоит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иаԥҵаз автор иусумҭақәа.
Аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бигәаа Беслан, Аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан.
Гәынба Бадра иазгәеиҭеит асахьаҭыхҩы амилаҭтә сахьаркыратә ҟазареи акультуратә ҭынхеи рыхьчара аус аҟны илагала.
Ааигәа Ахада Логәуа Нугзар "Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы" ҳәа ахьӡ ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит асахьаҭыхратә ҟазара ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны аҵакы змоу илагалазы, ипрофессионалтә ҟазареи еизҳауа абиԥара реиҵааӡареи рзы.