▫️ Ақыҭауаа ааигәа аҳәынҭқарра Ахада идҵаалахьан Аалӡга аӡиас хыҵны рынхамҩақәа ианрыҵало ирнаҭо аԥхасҭа инамаданы.
▫️ Ахада аӡыршьҭра дахәаԥшны алкаа иҟаиҵаз анаҩс, аспециалистцәа ирыдиҵеит хара имгакәа ахьчага дамба аргыларазы ахарџьынҵатә документациа азырхиаразы.
▫️ Агәаҭаратә усурақәа реихшьала ҟаҵо, аҳәынҭқарра Ахада иара убас Гәылрыԥшь араион даҭааит, имҩаԥысуа аусурақәа ақыҭауаа рзы иамоу аҵакы азгәеиҭиет.
▫️ Ахада иаҵшьны иҳәеит аӡхыҵрақәа ақыҭанхамҩа аԥхасҭа ду шрырҭо, иахьа ихадараны иқәгылоу зҵаараны ишыҟоу анхацәа рџьабаа рԥыло рынхамҩақәа реиқәырхара.