Print this page
Аҩаша, 28 Мшаҧы 2026 15:01

Аҳәынҭқарра Ахада Кавказтәи аинвестициатә форум далахәхоит

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра мшаԥы 28-30 рзы имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә форум далахәхоит.

Аделегациа иалалуп аԥыза-министр Делба Владимир, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, аекономика аминистр Амқәаб Ҭемраз, Аҟәа ахада Агрба Ҭемыр.

Аусмҩаԥгатә аҟны иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра анапхгареи, урыстәылатәи арегионқәа рхадацәеи, аусутә еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи реиԥыларақәа. Афорум аҿы имҩаԥысраны иҟоуп аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы рыҵаҩра.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаауп Аԥсны Аҳәынҭқарра астенд, уа ицәыргоуп аԥеиԥш змоу аинвестициатә проектқәеи аԥснытәи аҭыжьыҩцәа раалыҵи.

Аусмҩаԥгатә апрограмма азырхоуп аусутә еимадарақәа рырӷәӷәара, аинвестициақәа радыԥхьалара, аинфраструктуратә проект дуқәа рынагӡара.

Кавказтәи аинвестициатә форум еиҿнакааит Урысконгресс Афонд Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аекономикатә ҿиара аминистрреи рыцхыраарала.

Read 40 times Last modified on Аԥшьаша, 30 Мшаҧы 2026 11:18