▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иахьа амузеи даҭааит аусурақәа шцо агәаҭаразы. Гәынба Бадра идҵала акыршықәса раахыс раҧхьаӡа акәны Дырмит Гәлиа иҩны-музеи арҿыцра нап аркыуп.
▫️ Аҳәынҭқарра ахарџь ала иаахәоуп уи иаварххны игылоу ахыбра. Уи алагьы алшара аҧҵоуп амузеи арҭбааразы.
▫️ «Бадра Зураб-иҧа, абзиара иалагаз иоуп зегь зхьынҳало, усгьы ижәдыруеит, акгьы ҟазымҵо акагь иарҳәаӡом», - лҳәеит аҳәынҭқарра Ахада иахь лхы нарханы амузеи адиректор Светлана Қәарсаиаҧҳа.
▫️ Уи аҳәара ҟалҵеит амузеи аусура арманшәаларазы уажәтәи ахыбреи иаахәоу ауадақәеи ашәқәа рыбжьаҵаны аимадаразы.
▫️ Бадра Гәынба аргылаҩцәа адҵа риҭеит абри азҵаара иахаҵгыларц.