▫️ Уаанӡа атәыла ахада ишиҳәахьаз еиԥш, аҳәынҭқарра Ахада иҟны Ахеилак аԥҵара хықәкы хадас иамоуп атәыла аҿиаразы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи зегьы рымчқәа реидкылара, иара убас ихадоу асоциалтәи аекономикатәи уснагӡатәқәа рыӡбара.
▫️ Аиԥылара иалахәын апартиа «Амцахара» ахантәаҩы Алексеи Цыгәба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа, апартиа «Жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц, апартиа «Аиҭаира» ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиан Бобуа.
▫ ️ «Иахьатәи аиԥылара ҳаԥсадгьыл азы ихадароу азҵаарақәа ҳаицрылацәажәараны ҳахьыҟоу аҭыԥ аԥҵаразы раԥхьатәи шьаҿоуп ҳәа ҳахәаԥшыр ҟалоит», — иҳәеит Гәынба Бадра.
▫️ Атәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит зегьы еиуеиԥшым агәаанагарақәа рымазар шалшо, аха ажәлари аҳәынҭқарреи рзы ихадоу, илахьынҵаӡбаганы иҟоу азҵаарақәа рзы зегьы шеидгылоу.
▫ ️ «Ҳара жәларык ҳауп, ҩнык ауп, Ԥсадгьылк ауп иҳамоу.», - иҳәеит Гәынба Бадра.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рроль, инаҵшьны иҳәеит аибашьраан ажәлар аҳәынҭқарра ахьчаразы ишеидгылаз еиԥш, иахьагьы ареспублика аҿиаразы аҽеидкылара шаҭаху.
▫ ️ «Шәара Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапхгарала шәҽеидкыланы Ҳаԥсадгьыл шәыхьчеит. Сара агәра ганы сыҟоуп иахьа убасҵәҟьа ҳҳәынҭқарра аҿиареи арӷәӷәареи рзы ҳаидгылоит ҳәа», — иҳәеит Гәынба Бадра.
▫️ Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра ахада иҟны иаԥырҵо Аполитикатә мчқәа реилабжьаратә хеилак апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи зегьы атәыла аҿиареи, уи ахьыԥшымреи асуверенитети рырӷәӷәареи рызҵаара хадақәа рыӡбаразы рымчқәа ахьеидыркылаша ҭыԥны ишыҟало.
▫️ Аиԥылара алахәцәа ргәаанагарала, Аԥсны ашәарҭадара алзыршо, атәыла ганрацәала ацхыраара азҭо дгылаҩ хадас Урыстәыла иааннакыло аҭыԥ азҵаараҿы зегьы шеиқәшаҳаҭу.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа иазгәеиҭеит ас еиԥш аилацәажәаратә хеилак аполитикатә мчқәа реидкылареи наҟ-ааҟтәи адиалог арӷәӷәареи ишацхраауа, уи атәыла аҭышәынтәалареи аҿиареи рзы акырӡа шаҵанакуа.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аилацәажәаратә хеилак шаарту аконструктивтә диалоги атәылазы акрызҵазкуа азҵаарақәа реицалацәажәареи иазхиоу аполитикатә мчқәа зегьы рзы.
▫️ «Ҳаидгыларала, адиалоги аҳаҭыреиқәҵареи рыла ҳара иҳалшоит атәыла иҭышәынтәаланы аҿиара алыршара, ҳажәлар ззықәԥоз аус еиқәырханы ԥхьаҟа ацара», – ҳәа азгәеиҭеит Гәынба Бадра.
▫️ Аполитикатә партиақәа рхадацәа Аилацәажәаратә хеилак аԥҵара аидеиа иадгылеит, ари ашьаҿа ианаамҭоу иҟаҵоуп ҳәа ахырҳәааит. Дара ргәаанагарала Ахеилак аусура атәыла аҿиара аизҳазыӷьаразы ауаажәларра реидкылара иацхраауеит.