Print this page
Аԥшьаша, 21 Лаҵара 2026 21:11

Ахада Амҳаџьырақәа ргәалашәара амш иазкны Ааҧхьара ҟаиҵеит


 
 ▫️ Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
 
▫️ Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҳажәлар рҭоурых аҿы зегь раасҭа илахьеиқәҵагоу амҳаџьырра ашықәсқәа раан зыҧсадгьыл иахыгаз
ҳауаажәлар. Иагьа аамҭа рацәа царгьы амҳаџьырра аҧсуаа иаҳнаҭаз ахьаа хҽышьа амам.

▫️ Еснагь ргәалашәара ҳацзароуп Рыҧсадгьыл ишазхьаауаз атәым дгьыл аҿы зызқәа ҭыҧ ылызхыз ҳџьынџьуаа. Урҭ рыдгьыл ахь  ирымаз абзиабара
амч иабзоураны абиҧарақәа рхылҵшьҭрақәа иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иааргоит Аҧсны агәбылра, ҳбызшәа, ҳҵасқәа.  

▫️ Иахьа, агәалашәара амш аҽны адунеи егьырҭ атәылақәа жәпакы рҿы нхо ҳџьынџьуаа рахь схы
нарханы ааҧхьара ҟасҵарц сҭахуп.

▫️ Ҳара зегьы иаҳдыруазароуп - ҳахьыҟазаалак аҧсуаа Ҧсадгьылс иҳамоу Аҧсноуп. Уи зегь ҳахшыҩ, ҳажәҩа еибыҭаны иҳахьчалароуп, ҧхьаҟа иаҳгалароуп. Ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра- ҳажәлар рзы баагәароуп, уи ауп алшара ҳазҭо ҳмилаҭ рыхьчаразы,  ҳбызшәеи, ҳдоуҳатә культуреи реиқәырхаразы.

▫️ Ҳара иаҳуалуп аҭоурых амыҟәмабарақәа ирыхҟьаны зыҧсадгьы аанзыжьыз ргәалашәара амырӡра, ҧхьаҟатәи абиҧарақәа рызнагара.

▫️ Уаҳа иҟамлароуп ас  еиҧш иҟоу ахҭысқәа ҳаҧсадгьыл аҭоурых аҿы.

▫️ Ҳажәлар Анцәа ду
илаҧш рхызааит наунагӡа!

Read 35 times