Print this page
Амҽыша, 07 Рашәара 2026 15:02

Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш аҽны Гәынба Бадра Гагра Ахәыҷтәы реабилитациатә центр аартра даҭааит

Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Гагра Ахәыҷтәы реабилитациатә центр аартра даҭааит.

 

▫️ Иахьа Гагратәи амшынҳәа ааӡарҭа ашьаҭала ҷыдала ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа рзы амшынҳәатерапиазы иҷыдоу уадала иеиқәыршәоу ахәыҷтәы реабилитациатә центр аартра мҩаԥысит,.

 

▫️ Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аусмҩаԥгатә даҭааит иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа.

длыцны.

 

▫️ Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҟны Ахада иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи ахәыҷтәы нервхәышәтәҩы Альбина Хәаџьааи ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит.

 

▫️ Атәыла ахада ацентр идырбеит, иарҳәеит ареабилитациа апрограммаҟны ишыҟоу хаҭалатәи азыҟаҵарақәа реиԥш агәыԥтә зыҟаҵарақәагьы. Ари аметод ахәыҷқәа ражәаҳәатәии рныҟәаратәи ҿиара иацхраауеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Мышкы аҩныҵҟа азыҟаҵарақәа ирхысыр рылшоит 20-ҩык ахәыҷқәа амшынҳәақәа ааԥсоит аҟнытә.  

 

▫️ Аҳәынҭқарра ахада ацентр аартра ус бзиоуп ҳәа ахиҳәааит, ацентр анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит ари асоциалтә ҭакԥхықәра ҳараки атәылауаҩратә позициеи рзы ҿырԥшыга бзианы ишыҟоу. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аганахьала иалшо ацхыраара шыҟанаҵало.

 

▫️ Атәыла ахада иажәақәа рыла, акраҵанакуеит ҳхәыҷқәа атәыла анҭыҵ имцакәа, ас еиԥш иуникалтәу атерапиеи ахәшәтәреи роуразы алшара ахьыҟоу.

 

▫️ Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра иалшо зегь шыҟанаҵало зыҿиараҟны ҷыдала ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа рзы ареабилитациатә центрқәа Аԥсны егьырҭ араионқәа рыҿгьы раартразы.

▫️ Ацентр аԥҵаҩцәа ируаӡәку Ҭемыр Надараиа Аҳәынҭқарра ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ацентр иаиҭо азҿлымҳаразы, аартра дахьаҭааз азы.

Read 18 times Last modified on Амҽыша, 07 Рашәара 2026 19:07