Print this page
Аԥшьаша, 18 Рашәара 2026 20:43

Ахада Арбагақәа аус рыдуларазы аҳәынҭқарратә центр аартра далахәын

 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ацентр аартра атәыла ацифратә економика аҿиараҟны етап ҿыц ишыҟоу. Гәынба Бадра игәалаиршәеит ари апроект ду анагӡаразы аӡбамҭа шрыдыркылаз хышықәса раԥхьа Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала, иахьазы уи қәҿиарала ишхыркәшоу.

 

▫️ Атәыла ахада иажәақәа рыла, ари апроект атәыла аинформациатә шәарҭадаразы ихымԥадатәины иҟан.

 

▫ ️ «Апроект аекономика аҿиаразы алшара ҿыцқәа аԥнаҵоит. Ари, жәаҳәарада, адыррақәа рмырзаразы рыҵәахра алнаршоит. Атәыла аинформациатә шәарҭадара ҳалацәажәозар, Арбагақәа аус рыдуларазы ацентр хымԥадатәины иҟоуп», — иҳәеит Гәынба Бадра.

▫️  Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рзы алшарақәа ишрыцло — ҷыдала иаҳхәозар, агәаҭара-кассатә аппаратқәа рышьақәыргыларазы апрограмма алагаларазы.

 

▫️ Атәыла Ахада иацҵаны иҳәеит ара иара убас  аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рыдагьы инарҭбааны аинформациа иныҟәызго ахатәы еилахәырақәа рбазақәа рықәыргыларагьы шалшо. Гәынба Бадра апроект аԥыжәара зырҭо проектны ишыҟоу азгәаҭо, иҳәеит арҭ алшарақәа зегьы иахьа аҳәынҭқарра ишаԥнаҵо.
 
▫️ Ахыркәшамҭаз аҳәынҭқарра Ахада ацентр аԥҵара аус адызулоз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит ари аинформациатә технологиақәа русхк аҟны хаҭабзиарала иҿыцу аҩаӡарахь ацәырҵра шалнаршо.


▫️ Адыррақәа аус рыдуларазы аҳәынҭқарратә центр заалыҵ ҳараку IT-инфраструктура: асерверқәа, адыррақәа рыҵәахратә системақәа, акаҭатә маругақәа, уи иацу анџьныртә системақәа ахьеизаку иҷыдоу комплексуп. Ацентр хықәкы хадас иамоуп аинформациа   аҵәахреи, аус адулареи, аиагареи, иара убас аҳәынҭқарратә цифратә сервисқәа еиԥҟьарада русура алыршара.

 

▫️ Апроект Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ианагӡоит.

Read 20 times Last modified on Аԥшьаша, 18 Рашәара 2026 20:50