▫️ Уи аԥхьа, ԥхынгәымза 1 азы имҩаԥысит «Аԥсны акоманда» анапхгаҩцәа Анаԥшратә хеилак аилатәара, уа имҩаԥган аицлабра аҩбатәи аамҭа ашәҟәҭагаларатә усмҩаԥгатә аихшьалақәа. Уи мҩаԥысуан 2026 ш. мшԥымза 14 инаркны рашәарамза 30-нӡа.
Аицлабра аҽалархәразы арзаҳал аларҵеит 3384-ҩык. Ари еилыкка иунарбоит атәылауаа апроект ахь ирымоу агәрагареи атәыла аҿиара аусхк аҽалархәра ишазхиоу. 84% алахәцәа аҳәынҭқарратә маҵзура азыҟазаашьазы азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит, ареспублика аизҳазыӷьара аус рхы аладырхәырц шырҭаху азгәарҭеит.
▫️ Аҩбатәи аамҭа иаҳнарбеит алахәцәа реилазаара аҽшаԥсахыз. Аицлабра рхы аладырхәит аус зуа анапхгаҩцәа - Ахада Иадминистрациа аусбарҭақәа реиҳабацәа, Асоциалтә еиқәыршәара аминистрра, аҳәынҭқарратә фондқәа рдиректорцәа. 50 ш. иреиҳау алахәцәа рыхәҭаа 2, 6% инаркны 8,8% рҟынӡа еизҳаит, 25 ш.зхымҵыц рыхәҭаа 47% инаркны 32% рҟынӡа еиҵахеит. Аицлабра анапхгаҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара аизырҳаразы маруга бзианы иҟалеит.
▫️ Иҭабуп ҳәа иасҳәоит Урыстәыла Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Владилен-иԥа Кириенко "Аԥсны акоманда" апроект ахь иааирԥшыз азҽлымҳаразы, иара убас анапхгаҩцәа рыԥшаара амеханизмқәа рышьақәыргыларазы алшара ҳазҭо асистематә усуразы. Хазы иҭабуп ҳәа расҳәоит аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» иара убас Андреи Анатоли-иԥа Бетини, урыстәылатәи иреиӷьу аметодикақәеи аԥызацәа реицлабра амҩаԥгаразы рԥышәа ахьҳацеиҩыршаз. Агәра згоит, ҳусеицура есааира ашҽарӷәӷәо", - иҳәеит Ахада.
▫️ Аиԥылара "Мухус" аҟны ицәырган апланшеттә експозициа апроект аматериалқәа рыла: афотосахьақәа, асхьемақәа, аскриншотқәа, аинфографика. Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои ацәыргақәҵа рбеит, аԥшьгарақәа рнапхгаҩцәеи дареи еицәажәеит, аԥхьаҟатәи аусурақәа рзы азҵаарақәа рҭиит.
▫️ Иӡыргоу апроектқәа рыбжьара иҟоуп - Аҟәа ахақәиҭтәра амш инамаданы жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны амч "Аԥсны аҳәаа" аобиект аҟны, акультура -ҭоурыхтә обиектқәа рсахьаркыратә ырлашара "Акультура алашара", аекологиатә аԥшьгара "ицқьоу Гагра", "Аԥсны амедиа ҿыцқәа", уҳәа убас егьырҭгьы.
▫️Аекспозициа ианахәаԥш анаҩс, иформалтәым аҭагылазаашьаҟны реиҿцәажәара иацҵан. Алаҳәцәа еиҭарҳәеит аицлабрақәа алшара шрырҭаз рхатә аԥшьгарақәа рырҿиаразы, рыпофессионалтә ҭагылазаашьа аизырҳаразы, аԥышәа ҿыц аиуразы.
▫️Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа алшара ҟарҵоит аимадаразы, атуристтә иара убас атәыла асоциалтә лшара аҿиаразы асистематә усура аиҿкааразы, Аԥсны ауааԥсыра рхы аадырԥшырц азы аҭагылазаашьақәа рзаԥнаҵоит, асасдкылара аус аҟны аԥсахрақәа рцәыргаразы.