Print this page
Ашәахьа, 06 Ԥхынгәы 2026 18:39

Гәынба Бадра Беслан Агрба дидикылеит

 ▫️ Аҳәынҭқарра Ахада Беслан Агрба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Диоскураа рыԥшаҳәа аҭоурыхтә хәҭа аиҭашьақәыргылараҿы илшарақәеи илагамҭеи рзы.

 ▫️ Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аԥшаҳәа аартра далацәажәо, атәыла Ахада иара убас иазгәеиҭеит Ареспублика Ҭаҭарсҭан, Ареспублика Башкортосҭан, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» иҟарҵаз адгылара.

  ▫ ️ «Аԥшаҳәа аартра амш аҽны урыстәылатәи ҳколлегацәеи аҳаирбаӷәаза анапхгареи гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа раҳҳәеит. Иахьа ҷыдала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп хаҭала шәара. Даара акраҵанакуеит адгылара ажәҩахыр, убри аан ҳџьынџьуаа, ҳтәылауаа рхатә аԥшьгара аныҟарҵо, ас еиԥш апроектқәа ианрыдгыло, ианынарыгӡо. Ари асоциалтә хырхарҭа змоу, аҭакԥхықәра зцу атәылауаа шҳамоу аарԥшра азы лшароуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада.


 . Аҳәынҭқарра Ахада иара убас адиаспора анапхгаҩы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит шықәсырацәалатәи ҳџьынџьуаа ириҭо адгылареи ареспублика аԥсҭазаара активла аҽалархәреи рзы.

 ▫️ Гәынба

Бадра иазгәеиҭеит ас еиԥш адгылара уажәадагьы ишыҟаиҵахьоу. Жәашықәсала Беслан Агрба дадгылоит Аԥсны еиԥш, уи анҭыҵгьы инарыгӡо аԥшьгарақәа, аԥсуа спортсменцәеи, имариам аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа иақәшәаз акультура аусзуҩцәеи, атәылауааи ацхыраара риҭоит.

▫️  «Ҳара ас еиԥш иҟоу ауаа, зтәылауааи зреспубликеи еснагь рыцхыраара иазхиоу ауаа рыхә ҳаракны иаҳшьоит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада. ▫️ Беслан Агрба аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аиԥыларазы. Уи иазгәеиҭеит уажәы ареспублика иццакны ахаҿра аҽшаԥсахуа, аҿиара ишаҿу, инаҵшьны иазгәеиҭеит арҭ аиҭакрақәа рбара насыԥ дуӡӡаны ишыҟоу. Адиаспора анапхгаҩы иациҵеит еснагь иԥсадгьыл аизҳазыӷьаразы илшоз зегь аҟаҵара дшашьҭаз, иҳәеит аринахысгьы уи дшазыхиоу.

Read 9 times Last modified on Ашәахьа, 06 Ԥхынгәы 2026 18:54