Адокумент инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа, мамзаргьы аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы Аусԥҟа инапы анаҵаиҩы аҽны инаркны, абжьыҭарақәа рофициалтә еихшьалақәа ҟалаанӡа 18 шықәса зхыҵхьоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рҭаҩра (реиҭаҭаҩра) аанкылахоит.
Абжыҭара, мамзаргьы аиҭалхрақәа мҩаԥгахар, иарбоу ауснагӡатә иахәҭоу алхратә округ аҩныҵҟа аус аулоит алхрақәа реихшьалақәа мҩаԥгахаанӡа.
Аусԥҟа ала ишьақәыргылоуп аԥҟара ҿыцқәа рынагӡаразы аҭакԥхықәра шрыду Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Атәылауаҩшәҟәтәы усбарҭеи аҭаҩразы аҭыԥантәи акомиссиақәеи. Аусԥҟа анагӡара хылаԥшра аҭара иара убас ирыдҵоуп Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи аҭаҩразы аҭыԥантәи акомиссиақәеи.
Ирыдыркылаз аӡбамҭа азырхоуп зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рыпринципқәа рынагӡаразы иназыцҵоу ахәдықәҵарақәа раԥҵара, алхыҩцәа рсиақәа рҭышәынтәалара алыршара, атәылауаа алхратә процесс ахь ирымоу агәрагара арӷәӷәара.