Print this page
Ахәаша, 10 Ԥхынгәы 2026 23:52

Аԥсны Ахада Апарламент ахәаԥшразы иалеигалеит адепутатрахь акандидатцәа рзы инацҵаны аҭахрақәа азԥхьагәазҭо азакәан апроект

 

Азакәан апроект азырхоуп алхратә закәанԥҵара аиӷьтәреи иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭахь алхрақәа ирышьҭоу ахаҿқәа рзы аҭахрақәа реизырҳара.

 

Аус зуа Аконституциатә закәан аредақциа иазԥхьагәанаҭоит ипассивтәу алхратә зин аԥкрақәа зусӡбара зхыхым, мамзаргьы иаԥыхым атәылауаа рзы, аха уи анырхыхха мамзаргьы ианаԥыхха анаҩс азакәанԥҵара инацҵаны аԥкрақәа шьақәнаргылаӡом гәҭакылатәи ацгьоура хьанҭақәеи ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоурақәеи рыҟаҵаразы зус ӡбаз ахаҿқәа рзы.

 

 

Убри инамаданы Ахада ирыдигалеит Аԥсны Жәлар Реизара -  Апарламент ахь адепутатрахь акандидатцәа рзы инацҵаны аквалификациатә ҟазшьа змоу аҭахрақәа рышьақәыргылара. Азакәанапроект иазԥхьагәанаҭоит зусӡбара зхыху, мамзаргьы иаԥыху атәылауаа гәҭакылатәи ацгьоура хьанҭақәа рыҟаҵаразы аҭакра зықәҵоу атәылауаа адепутатс ралхра ҟалом ҳәа аусӡбара ахыхра мамзаргьы аԥыхра аҽны инакрны жәашықәса рыҩныҵҟа. Ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоурақәа рыҟаҵаразы зус ӡбаз атәылауаа рзы ирыдгалоуп иара убас еиԥш жәохә шықәса аҿҳәара аҭаны аԥкра ашьақәыргылара.

 

 

Азакәанапроект азы аилыркааратә нҵамҭаҟны ишазгәаҭоу ала, иазгәаҭоу аԥсахрақәа Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҳаҭыр ашьҭыхреи ауаажәларра ахаҭарнакратә мчхара аинститут ахь ирымоу агәрагара арӷәӷәареи ирзынархоуп. Убри аан иаҵшьны иҳәоуп арҭ ишьақәыргылахо аԥкрақәа шьауӷатә хьырхәраны ишыҟам, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рыҿиара ҳәаақәызҵо азакәанԥҵаратә усура анагӡареи азакәанқәа рыдкылареи ирышьҭоу ахаҿқәа ирызку аквалификациатә ҟазшьа змоу ҭахрақәаны ишыҟоу.

 

Азакәанапроект адкылара Аԥсны Аҳәынҭқарра егьырҭ анормативтә зинтә актқәа аԥсахрақәа ралагалара аҭахны иҟанаҵаӡом.

Read 6 times