Print this page
Ахаша, 15 Ԥхынгәы 2026 10:38

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Борис Виктор-иԥа Адлеиба 95 ш. ихыҵра инамаданы Аԥсны аҭоурых аҟны илагала азгәаиҭеит

«Борис Виктор-иԥа патриот иашан, иус ҭакԥхықәрала дазнеиуан, ихатә гәаанагара иман. Иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл амаҵ аура иазикит, иуаажәлар ринтересқәа рыхьчара дазықәԥон, амилаҭтә культура арҿиара дашьҭан. 

Ҭоурыхтә хҭыск аҳасабала иахәаԥштәуп 1989 ш. азы Лыхнытәи ааԥхьара раԥхьа хымԥада иара инапы ахьаҵаиҩыз. Усҟантәи аамҭазы апартиатә напхгаҩы изы ари аҩыза ашьаҿа аҟаҵара агәаӷьра ду аҭахын, ижәлар ринтересқәа рыхьчара дазхиан имаҵзуратә ҭыԥ аиқәырхара аасҭа, уи аҵыхәтәа зеиԥшрахоз ихахьы иаамгакәа. Ас еиԥш амилаҭтә зҵаара азнеишьа иара итәылауаҩратә позициа бзианы ианыԥшуеит, Аԥсны аԥеиԥш гәыкала дшазхәыцуаз атәы арҵабыргуеит. 

Иахьа ҳара ҳаҭыр дула даҳгәалаҳаршәоит Виктор Борис-иԥа Адлеиба. Уи ихьӡ Аԥсны аҭоурых аҟны аҭыҧ ду ааннакылоит, ҳажәлар ргәалашәараҟны наунагӡа иаанхоит».

Read 3 times Last modified on Ахаша, 15 Ԥхынгәы 2026 10:39