Print this page
Ахәаша, 17 Ԥхынгәы 2026 18:02

Гәынба Бадра иаԥшьгарала имҩаԥысит Ахада иҟны иҟоу Аилацәажәаратә Хеилак алахәцәеи ҿыц иалху Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови реиԥылара

.

Аиԥылара далахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

Аполитикатә мчрақәа хаҭарнакра азыруан:

Аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алеқсеи Цыгәба, аполитикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" ахантәаҩы Аслан Барцыц, апартиа "Иаку Аԥсны" ахантәаҩы Алхас Барзаниа, апартиа "Аиҭаира" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиан Бобуа, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәлар рымч" ахантәаҩы Ҭемыр Надараиа.

Аполитикатә мчрақәа рԥызацәа ацҳаражәҳәаҩ ирдыруа, Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра ауаажәларра аҭорых аҟны еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы акзаара шааадырԥшуаз. Гәынба Бадра иазгәеиҭеит хаз игоу зҵарақәак рзы еиуеиԥшым агәаанагарақәа шыҟоугьы, Аԥсны ауаажәларра-политикатә мчрақәа акзаара аадырԥшуеит аҳәынҭқарра ахьыԥшымра, акультура, амилаҭтә ҭынха аусқәа рыхьчараҟны.

Ахада иара убас инаҵшьны иҳәеит Аԥсны иҟоу аполитикатә мчрақәа зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала ишеидгыло, ганрацәалатәи аимадареи астратеиатә еиҩызареи  хьаҳәа-хьачарада ишадгыло.

Аиԥылара иалахәыз аиҩызаратә, аконструктивтә ҟазшьа змаз аиԥылараҿы еиуеиԥшым азҵаарақәа жәпакы рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Read 4 times Last modified on Ахәаша, 17 Ԥхынгәы 2026 18:05