Print this page
Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 13:35

Гәынба Бадра Баӷбаран ақыҭа Анапхгара ахыбра ҿыц даҭааны ибеит

 

Аибашьра еилгеижьҭеи ари акыҭа анапхгара алшара рымамызт изыхәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥҵаны аус руыртә еиԥш. Шықәсыбжак аԥхьа аҳәынҭқарра Ахадеи араион анапхгаҩи еицәажәаны ақыҭа Анапхгаразы ахыбра шыргылатәыз иалацәжәеит. Иахьа уи ахыбра аргылара хыркәшоуп, дук хара имгакәа иаҭаху амаҭәахәқәа рыла иеиқәыршәаны аусура еиҿкаахоит.

 

Аҳәынҭқарратә Ахада араион анапхгаҩы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит абас еиԥш ҭакԥхықәрала абри аус дахьазнеиз. Аҳәынҭқарратә Ахада иргылоу ахыбра ахәшьара бзиа аҭо, иҳәеит  ақыҭауаа ахьеибабо, иахьеиқәшәо, ргәы ицхо азҵаарақәа иахьрылацәажәо аҭыԥ шырзаԥҵоу, ари ҿырԥшыга бзиоуп егьырҭ рызгьы.  

Баӷбаран акыҭа иаланхоит 71 ҭӡы, 250-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.

Read 6 times Last modified on Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 14:13