Аибашьра еилгеижьҭеи ари ақыҭа анапхгара алшара рымамызт изыхәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥҵаны аус руыртә еиԥш. Шықәсыбжак аԥхьа аҳәынҭқарра Ахадеи араион анапхгаҩи еицәажәаны ақыҭа Анапхгаразы ахыбра шыргылатәыз иалацәжәеит. Иахьа уи ахыбра аргылара хыркәшоуп, дук хара имгакәа иаҭаху амаҭәахәқәа рыла иеиқәыршәаны аусура еиҿкаахоит.
Аҳәынҭқарра Ахада араион анапхгаҩы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит абас еиԥш ҭакԥхықәрала абри аус дахьазнеиз.
Аҳәынҭқарра Ахада иргылоу ахыбра ахәшьара бзиа аҭо, иҳәеит ақыҭауаа ахьеибабо, иахьеиқәшәо, ргәы ицхо азҵаарақәа иахьрылацәажәо аҭыԥ шырзаԥҵоу, ари ҿырԥшыга бзиоуп егьырҭ рызгьы.