Print this page
Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 21:41

Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҩӡба Алиас Витали-иԥа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы министрс иаҭаразы

 

▫️ Аҩӡба Алиас Витали-иԥа, 1985 шықәса нанҳәамза 22 рзы диит;

 

▫️ 2001-2005 шш – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҿы «Актиортә ҟазара» азанааҭ ала аҵара иҵон;

 

▫️ 2005-2006 шш – - Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рҿы аррамаҵзура дахысуан;

 

▫️ 2006-2007 шш. - Краснодар ақалақь ЗАО «СЭНЕМИ» аспециалист хадас дыҟан;

 

▫️ 2006-2008 шш – - УДЦ «Феникс» аустә центр адиректорс дыҟан;

 

▫️ 2008 -2014 шш. - ауаажәларратә еиҿкара «Аԥсны Ҿа» ахантәаҩыс дыҟан;

 

▫️ 2009-2014 шш. – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу аҳәынҭқарратә маҵзура Урыстәылатәи академиаҿы «Аҳәынҭқарратәи муниципалтә усбарҭа» азанааҭ ала аҵара иҵон;

 

▫️ 2014-2015 шш – Аԥсны аҳәынҭқарра аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;

 

▫️ 2015-2017 шш – - Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дыҟан.

 

▫️ 2014-2022 шш – - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиор;

 

▫️ 2022 ш. – Аинтернационалтә бригада «Пиатнашка» аилазаараҟны дыҟан Иҷыдоу арратә операциа далахәын, 1тәи абаталион акомандирс дыҟан;

 

▫️ 2023 ш – Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр иабжьгаҩыс хәыда-ԥсада аус иуан;

 

▫️ 2026 ш. лаҵарамза 5 – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ицхырааҩ;

 

▫️ Ԥшьҩык ахәыҷқәа раб.

Read 5 times Last modified on Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 21:44