Уи иалахәуп Ҭырқәтәылантәи, Германиантәи, Нхыҵ,-Кавказынтәи аҿар. Аҳәынҭқарра Ахада иаҳхысыз ашықәс азы иҟаиҵаз адҵала алагер аҟны аамҭа еицырхыргоит ҳџьынџьуааи Аԥснытәи ахәыҷқәеи.
Апроект «Ахьышьҭрахь» хыкәкы хадас иамоуп атәым ҳәынҭқаррақәа рыҟны инхо ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл абзиабара дыркра, аԥхьаҟатәи аимадара арӷәӷәара. Урҭ ара рыҟазаара иалагӡаны Аԥсны аҭоурыхтә ҭыҧ ԥшӡарақәа ирҭаауеит, акультуратә ҵакы змоу аусмҩаԥгатәқәа рзеиҿкаауп, аԥсуа жәлар рҵас-рқьабзқәа дырбахоит, аԥсуа бызшәа арҵара иадҳәалоу азыҟаҵарақәа ирхысуеит.
Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит ас еиҧш иҟоу алагер амҩаԥгара аҵак ду шамоу.
«Аҿар рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазхьанарԥшуеит, ашәышықәсақәа иргәылганы иаарго Аԥсадгьыл абзиабара арӷәӷәоит, апсуаа ҳахьыҟазаалак жәларык ҳауп, ԥсадгьылк ауп иҳамоу, убри аҟнытә ҳара иаҳҭахуп шәыԥсадгьыл ахь ишәымоу агәыбылра иазҳаларц, - иҳәеит Гәынба Бадра.
Иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иҭабуп ҳәа реиҳәеит алагер еиҿызкааз, аҿар аџьабаа рыдызбалаз, Апсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара, аусзуцәа, дара уахьынтәи ирыцны иааз аиҳабацәа.
Дара рықәгылараҟны Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит иахьа дааины иахьибаз, насгьы Ахада ицәажәараҟны ирзеиҭеиҳәеит иара иҭаацәа рҭоурых, амҳаџьырра ишеиҟәнашаз, абжаҩык Ҭырқәтәылаҟа ишагаз, уи иадҳәалаз ахҭыс аҿар даара зҿлымҳара аҭаны иазыӡырҩит.
Ахәыҷқәа Ахада ҳаԥсадгьыл алахьынҵа, ҳҳәынҭқарра ашьакәгылашьа, насгьы Аԥсны аԥхьаҟа шибо уҳәа ирызкыз азҵаара рацәа ирҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ҳаԥсадгьыл Аԥсны зхы иақәиҭу, ихьыԥшыму ҳәынҭқарраны, аԥсшәа ахьықәыҩуа, ажәлар ргәы шьҭыхны иахьынхо тәыланы ишибо, удаҽа знеишьак ыҟоуп ҳәа ишбри адагьы имыԥхьаӡо. Иҳәеит, ас еиԥш иҟоу алагерқәа аԥхьаҟагьы ишеиҿкаалахо, ури ҳҿар реимадара арӷәӷәара ишацхраауа, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәра ишазхьанарԥшуа.
Аиԥылара даара аԥхарреи агәыргьаратә ҟазшьеи аманы имҩаԥысит.