Аиԥылараҟны ирыхәаԥшит иазгәаҭоу аиҭакрақәа рхырхарҭа хадақәа, уахь иаҵанакуеит атәылауаа аррамаҵзурахь рааԥхьара, аибашьратә еилазаара аҿиара, Арбџьар мчқәа абџьари арратә техникеи рыла реиҭеиқәыршәара, иара убас атәылахьчара аусхк аҟны анорматив-зинтә база аиӷьтәра.
Аҳәынҭқарра Ахада Атәылахьчара аминистрра иадиҵеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны арратә ԥхықәреи арратә маҵзуреи рсистема аиӷьтәра иазку азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа рпакет азырхиара.
Азакәан апроектқәа иазԥхьагәарҭароуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аррамаҵзура хымԥада ахысра, иара убас аррамаҵзура анагӡара ацәхьаҵра инақәыршәаны азинтә хҟьа-ԥҟьақәа рышьақәыргылара.
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит арратә маҵзура ахысра азгәаҭара шаҭаху аҳәынҭқарратә маҵзурахьы анеираан, иара убас азакәанԥҵара иазԥхьагәанаҭо егьырҭ аҭагылазаашьақәа раангьы.
Хазы адҵа ҟаҵан Арбџьар мчқәа реилазаара асистема аиӷьтәразы. Ҷыдала зҿлымҳара рыҭазароуп аофицертә еилазаара ашьақәыргылараан еиҳа иазыҟаҵоу аҿар-аррамаҵзураа. Иара убас аиҭакрақәа инарықәыршәаны ишьақәыргылахоит аррамаҵзураа ирышьашәалоу акатегориақәа инарықәыршәаны аррамаҵзура иахысразы ашықәс аҳәаа.
Ахада адҵа ҟаиҵеит иахәҭоу азакәанапроектқәа разырхиара алыршаразы, урҭ Аԥсны Жәлар Реизаара - Апарламент ахәаԥшны ианрыдыркылалак анаҩс 2027 ш. ажьырныҳәамза 1 инаркны ирыдыркыларц азы. Арҭ аԥшьгарақәа рыҩныҵҟа иарбахоит ааԥхьаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы иҿыцу аҿҳәара.
Ареформа аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас иазԥхьагәаҭоуп Арбџьар мчқәа реибашьратә еилазаара аҿиареи урҭ аамҭа-аамҭала ҳаамҭазтәи абџьари арратә техникеи рқәырԥқәа рыла реиҭеиқәыршәареи рзы ауснагӡатәқәа.
▫️ Уи адагьы аиԥылара алахәцәа ишьақәдырӷәӷәеит ҳазҭоу ашықәс азы арратә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аплан-аамҭеихшанҵа. Ар рхада адҵа ықәиргылеит арезервистцәа аус рыцура ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭара, ари ахырхарҭа Арбџьар мчқәа реибашьратә зыҟаҵара аизырҳара ахәҭа хадақәа ируакуп ҳәа иԥхьаӡаны.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Атәылахьчара аминистрра анапы ианиҵеит цәыббрамза 30 рзы Аиааира Амш азгәаҭара инамаданы апарадтә ԥхьаӡарақәа разырхиара ахацыркра.