Аконцерт иалахәуп Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа, Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа.
Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка "Хьыбла Гьерзмааԥҳа ишәыдылгалоит иҿыцу аконцерт программа, уи иалахәуп Пиотр Востоков напхгара зиҭо аџьазтә орекстр Ду. Оркестри амаестро Востокови раԥхьаӡа акәны иқәгылоит Аԥсны. Ахәылԥаз апрограмма аҟны иҟоуп асоветтә ашәақәа. Аԥсни Урыстәылеи афестиваль мҩаԥысуеит нанҳәамза 2 инаркны 17-нӡа. Афестиваль аԥсуа хәҭа иацҵахоит нанҳәамза 5 рзы Бедиатәи ауахәама аҟны, нанҳәамза 8 рзы Пицундатәи ауахәама аҟны. Анаҩс, афестиваль мҩаԥысуеит Урыстәылатәи арегионқәа рҟны: Ханты-Мансиск, Калуга, Тиумень, Кәырган, Челиабинск, Новосибирск, Екатеринбург, Санкт-Петербург, Вологда.
Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" мҩаԥысуеит Аԥсны аиҳабыреи акультура Аминистрреи, Урыстәыла акультура Аминистрреи, акультуратә ԥшьгарақәа рзы Ахада ифонди рыцхыраарала.