Print this page
Ашәахьа, 03 Нанҳәа 2026 17:40

Ахада Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа

Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсныжәлари лареи ирыдиныҳәалеит аҩажьиԥшьбатәи Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, арҭ ашықәсқәа зегьы афестиваль амузыкеи аҟазара ҳараки ишырныҳәа духаз, атәылауааи асасцәеи уи ргәы хыҭ-хыҭуа ишазыԥшу. 

Ахада инаҵшьны иазгәеитеит, Хьыбла Гьерзмааԥҳа лҟазареи лус ахь илымоу абзиабареи ирыбзоураны лара ишлыдылкыло зыхьӡ нагоу амузыкантцәа, адирижерцәа, адунеитә ҩаӡара змоу анагӡаҩцәа, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа атәыла алшара шанаҭо иреиӷьу амузыкатә культура аҿырԥшы абара. 

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, зегь реиҳа угәаҵанӡа ишнеиуа афестиваль артистка лҭаацәа ргәалашәара аҳаҭыр иахьазку. Ас еиԥш иҟоу азнеишьа шаҳаҭра ауеит лара лыԥсадгьыл ахь илымоу абзиабара, лҭаацәаратә хыҵхырҭа ҳаҭырла дшазыҟоу. 

Бадра Гәынба иацтәи афестиваль иазкны игәаанагара аарԥшуа иазгәеиҭеит, Хьыбла Гьерзмааԥҳа шьахәлатәи лынагӡареи Пиотр Востоков напхгара зиҭо аџьазтә оркестр Ду қәҿиарала ақәгылареи ахәаԥшцәа зеиӷьыҟам ала ишрыдыркылаз. Ахада агәыӷра ааирԥшит Бедиеи Пицундеи имҩаԥысран иҟоу аконцертқәа еихьӡарала ишеиҿкаахо, ахәаԥшцәа шыхнахуа, даҽазныкгьы ишышьақәнарӷәӷәо ас еиԥш иҟоу апроект аҩаӡара шыҳараку. 

Ахада Хьыбла Гьерзмааԥҳа иҭабуп ҳәа леиҳәеит лыԥсадгьыл ахь илымоу абзиабареи аҭакԥхықәреи рзы, ажәала мацара акәымкәа уи аус аҟны ишаалырԥшуа, ҳҳәынҭқрра лара леихьӡарақәа ишрызгәыдуу, лыҩны еснагь лбара ишеигәырӷьо. 

 Хьыбла Гьерзмааԥҳа Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит иааирԥшыз адгылареи лпроектқәа рыхә ҳаракны иахьишьази рзы. Лара излазгәалҭаз ала, лыԥсадгьыл аҟны афестиваль амҩаԥгара иҷыдоу аҵакы амоуп, избанзар апроект ахьиз Аԥсынтәыла ауп, насгьы лҭаацәа ргәалашәара иазкуп. Иара убас дазааҭгылеит, аҳәынҭқарра Ахада ауаажәларра рҟны акультура аҿиара асухк еилкарыла дшазнеиуа, акультура шакәу атәыла шьақәзыргыло, зегь реиҳа ихадоу политикан ишыҟоу. 

Хьыбла Гьерзмааԥха иазгәалҭеит, Аԥсадгьыл -лара лдацқәа, лхыҵхырҭа шакәу, Аԥсныҟа гәахәарыла ишаалго лпрограммақәа, аҳәаанырцә азҿлымҳара зырҭо. Ахада даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа иалҳәеит адгылара ахьлиҭо, иара убас афестиваль гәцаракрыла дахьазыҟоу.

Read 1 times