Print this page
Ашәахьа, 10 Нанҳәа 2026 18:19

Асҭамыр Гәыниа Бадра Гәынба изеиҭеиҳәеит Москваҟа иусуратә ныҟәарақәа рылҵшәа Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәыниа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба изеиҭеиҳәеит Москваҟа иусуратә ныҟәарақәа рылҵшәа

Аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан аҩганктәи русеицзура азҵаарақәа, азеиԥш проектқәа рынагӡара, урҭ рхыԥхьаӡараҟны ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара, иара убас аҩтәылак рзакәанԥҵарақәа шьаҭас измоу ауснагӡатәқәа реиҿкаара. 

Аусуратә ныҟәарақәа раамҭа ирҭагӡаны имҩаԥысит Москва зыхьӡ нагоу ахәышәтәырҭатә хыбрақәа рҭаара. 

 Иҷыдоу азҿлымҳара аҭан Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа амедицинатә цхыраара рыҭара, Урыстәылатәи Афедерациа ахәышәтәырҭақәа рҟны амедицинатә ԥгаԥсала реиқәыршәара. Асҭамыр Гәыниа излазгәеиҭаз ала, хәажәкырамзазы анапы аҵаҩын ихаҭәаау аиқәшаҳаҭра, аҳәаанырцәтәи апаспорт ала ауаа рыхәышәтәра алзыршо аԥҟарақәа. Ҳазҭагылоу аамҭазы, адокумент ахыркәшарахь инеиуеит, анаҩс уи анагӡара алшахоит Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рҟны. Аратификациа анхыркәшахалак анаҩс, аполис змоу ирылшоит Урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа зегьы рҟны хәыда-ԥсада аҽыхәышәтәра, зегь раԥхьа иргыланы Краснодартәи атәылаҿацә аҟны, ианаҭахха аамҭазы уи анҭыҵгьы, аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы рымазар.  

Агәабзиарахьчара аминистр Ахада изеиҭеиҳәеит аԥхынтәи аԥсшьара аамҭазы амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы урыстәылатәи аспециалистцәа ааԥхьара шрырҭо. Аԥсуа ган иҟанаҵаз аҳәарала, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаауеит хырхарҭак ала аус зуа аҟазацәа.    

Раԥхьатәи аҳақьымцәа ргәыԥ атәылаҟны аус руан ԥхынгәымзазы. Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны иҟоуп аҩбатәи агәыԥ, уи аилазаараҟны иҟоуп 18-ҩык аҟазацәа. Цәыббрамзазы иазгәаҭоуп урыстәылатәи аҳақьымцәа ахԥатәи агәыԥ раара.

Read 11 times